Изеиԥшразар акәи ареспублика атуристтә бренд алоготип, абри азы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит акультуреи аҭҵаарадырреи русқәа рзы Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иабжьгаҩ, атурим азы аминистрра имҩаԥнагаз аицлабра ажиури алахәыла Нугзар Логәуа.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11411-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 9782-а, рыԥсҭазаара иалҵит 168-ҩык.
Гагра араион Цандрыԥшь ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Нали Цыгәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион аҿы имҩаԥысуа аусурақәа ртәы.
Аекспертцәа рдыррақәа рыла Аԥсны 2021 шықәсазтәи асезон азы еиҳа ирҭаху аԥсшьарҭа ҭыԥқәа хәба рхыԥхьаӡара иалашәеит, Краснодартәи атәылаҿацә, Ҟрым, Кавказтәи Аминералтә ӡқәа рышьҭахь аԥшьбатәи аҭыԥ нкыло.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу анеиҭоз дазааҭгылеит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура алагара аҿҳәара азҵаарагьы.
Аицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган Аԥсни Урыстәылеи рыруаа еиуеиԥшым азыхиарақәа раан реицхымҩаԥгашьа ахәшьара аҭаразы.
Апандемиа иахҟьаны аҵарадырраҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа алҵшьас иҟоу азы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит уаанӡа аҵара аминистрс иҟаз Адгәыр Какоба.
Урыстәыла атәылауаҩ Елена Федотова хабарда дыӡит ҳәа Гагра араион ААР аҷаԥшьаратә хәҭахьы аҭел иасит ажьырныҳәа 18 рзы.
Гагреи Очамчыреи араионқәа рҿы амцакра ахьыҟаз 40 гектар рҟынӡа инаӡеит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ареспублика аенергосистема апроблема хадақәа аликааит, ӡбашьас ирымоу ҳәа иибогьы далацәажәеит Аԥсуа телерадиоеилахәыра адиректор хада Ирина Агрԥҳа аинтервиу анлиҭоз.
Аԥсны атуризм азы аминистрра ареспублика атуристтә бренд алоготип азы амакетқәа ралхразы ирыланаҳәаз аицлабра аихшьаалақәа жәабранмзазы имҩаԥгахоит.
Апрофессор, афилологиатә ҭҵаарадырракәа рдоктор Лили Ҳагԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы илҳәеит аҵарауаҩ, академик Лидиа Ҷкадуа лыԥсҭазаара лалҵра аԥсуаҭҵаарадырразы ицәыӡ шдуу.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала Аԥсны араионқәа рҿы аоперативтә штабқәа аԥҵоуп афымцамчхара ахархәара аиҵатәразы.