Гәдоуҭа араион аҿы амца зку абнарақәа рҵакырадгьыл макьана еилкаам. Амца ахьаку абнараҿынӡа амцарцәаҩцәа зымнеит.
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба арадио Sputnik аефир аҟны ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыли дареи реимадара алҵшәақәа ииасыз ашықәс азы еихишьалеит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҿкычымазара акоронавирус изышьақәырӷәӷәоуп ҳәа адырра ҟаҵан ԥхынҷкәын 27 рзы.
Гагра 16 шықәса зхыҵуа аҷкәын зыргылара хыркәшам аҩнаҿы алифт ашахта дҭаҳаит ахәаша, ажьырныҳәа 1 азы. Убри аҽны иара Аҟәа, Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаган.
Ажьырныҳәа 2 рзы Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистррахь адырра ҟаҵан Мамзышьха ашьхараҿы дышҟьалаз Москва инхо, 52 шықәса зхыҵуа аԥсшьаҩы.
Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аетнологиа аҟәша аиҳабы Белла Қьецԥҳа арадио Sputnik аҿы еиҭалҳәеит амузеи афонд аҟны ирымоу аизгақәа рҟынтәи аҽымаҭәа иаҵанакуа атәы. Дазааҭгылеит шықәсқәак раԥхьа уи хазырҭәааз, азҿлымҳара зуҭаша хаҵа кәадырк.
2020 шықәсазы ажьырныҳәа 1 инаркны 6-нӡа Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра иаҭааит ф-нызқьҩык инареиҳаны аԥсшьаҩцәа.
Аҟәа ахәҭақәак ӡыржәтәла реиқәыршәараҿы аиԥҟьарақәа аӡыҭгагатә станциаҿы имҩаԥырго аремонттә усурақәа ирыхҟьоит.