Гал араион аҭыԥ змаз абна амцакрақәа ирыхҟьаны анхацәа ироуз аԥхасҭеи, уи ахәԥса ашьақәыргыларазы акомиссиа аусура шцо ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион ахада ипресс-маҵзура аиҳабы Ерик Миқаа.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр аҽыԥхьакра дцеит, игәабзиара ҭышәынтәалоуп.
Жәаф шықәса зхыҵуа аҷкәын Гагра зыргылара хыркәшам аҩнаҿы алифт ашахта дҭаҳаит ахәаша, ажьырныҳәа 1 азы. Убри аҽны иара Аҟәа, Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаган.
Аԥсны иҟаз амцакрақәа иабанӡаныԥшуа ҳтәыла аԥсабара, уи аҳауа зҩыда, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аекологиатә институт аусзуҩы, ААУ адоцент Асида Ахсалԥҳа.
Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аӡбра аднакылеит аԥкыратә уснагӡатәқәа жәабран 15 рҟынӡа рыҿҳәара инахазарц, ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи русурақәагьы абрахь иналаҵаны.
Аԥкырақәеи аԥкырацҵақәеи рыҿҳәара ацҵаразы аӡбра идикылоит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аӡбра аднакылеит аԥкыратә уснагӡатәқәа жәабран 15 рҟынӡа рыҿҳәара инахазарц, ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи русурақәагьы абрахь иналаҵаны.
Ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа рзы Афонтәи аҳаԥы хыԥхьаӡара рацәала аԥсшьаҩцәа рҭаара зыбзоурахаз ҳәа игәаанагара арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аҳаԥы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ахра Ԥачлиа.
Аковидтә уснагӡатәқәа рыҿҳәара анахаразы аусдҵа инапы аҵеиҩуеит Атәыла ахада, Акоординациатә штаб аӡбра ашьаҭала.
COVID-19 зыдбало Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб иҽыхәышәтәра москватәи ахәышәтәырҭақәа руак аҿы иациҵоит.
Аҳаԥы аҩныҵҟа иахәҭаны ишьоу ахыхьчаратә уснагӡатәқәа зегьы ирықәныҟәон: асабрадақәа, арзҩыдара уҳәа реиԥш.
Иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр актиор Бадра Ҷантуриа. Уи арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәеит Аҿар ртеатр аиҳабы Аслан Еныкь.