Асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа иҭаргалоит ақьафурҭа "Гагрыԥшь" акәша-мыкәша алҩа шху ахьану афотосахьақәа, ари аҭоурых-культуратә обиект амца акыр ҳәа ишәоит.
Алада Ешыра ақыҭан абнабылрақа ахьыҟалаз аҭыԥ ахь ицеит Аҟәа қалақь амцарцәара-еиқәырхаратә ҟәша иатәу амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба.
Аԥсны Афырхаҵа, ауаажәларратә усзуҩы Аслан Кобахьиа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит акоронавирус аҟынтә алаҵа аҟаҵара дзадгылаҩу.
Аԥснытәи аҳауагәаҭаҩцәа ишырҳәо ала, Аԥсны иахьаҵанакуа ахьҭақәа ҟалоит ажьырныҳәа 18 инаркны.
Аҳауатә цәаҳәа "Ԥсоу 220" аҟны амашәыр ҟалеит Гагра араион анеира ахьыуадаҩу ашьхарақәа рҟны.
Абокс азы атурнир "Лига Ставок. Кубок Матч! Боец" мҩаԥысит ажьырныҳәа 8 рзы Шәача, уа афинал аҿы еиқәшәеит Мураҭ Гассиеви Сулҭан Ибрагимови ркомандақәа.
Аҳәынҭқарратә наплакы "Амшынеиқәафымцамч" афымцацәаҳәақәа реихшаразы амаҵзура аиҳабы Саид Блабба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит афымцалашара ақәыӷәӷәара амчхара еиҳа-еиҳа ишацло.
Амцарцәаҩцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи еицхырааны ажәытә Гагра иахьаҵанакуа аҭыԥ аҿы ажьырныҳәа 9 ашьыжь ҿыц ицәырҵыз амца арцәара рылшеит.
Аԥкрақәа алагалазаауеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы аминистраа иҷыдоу ақәҵара аднакылаанӡа.
Аҳауатә цәаҳәа "Ԥсоу 220" аҟынтә афымцалашара роуеит Аҟәа ақалақь инаркны Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа Ԥсоунӡа иҟоу ахархәаҩцәа.
Амашәыр ҟалеит ҳәа Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан асааҭ 17:00 рзы, аиқәырхаратә гәыԥ Риҵа аӡиа азааигәара аплантә дҵа анагӡаразы аҽазыҟаҵарақәа анымҩаԥыргоз.