Ажьырныҳәа 16 рзы РУСДРАМ аҿы имҩаԥысыз амоноспектакль "Ацынҵәарах" иаркыз аԥхьарбара иаҭааз Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа илҳәоит атеатр асанитартә нормақәа ирықәшәо аԥҟарақәа ирхылаԥшны аусура алагара шалшо.
Риҵа иҟоу аҳәынҭқарратә дача - Сталин идача - аекскурсиамҩаԥгаҩ Милана Ҩарданԥҳа арадио Sputnik арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" аҿы еиҭалҳәеит адача аргылара иадҳәалоу аинтерес зҵоу фактқәак ртәы.
Аԥхыӡқәа рдунеи амаӡақәа ҳзаазыртуа аԥсуа жәлар разгәаҭарақәак ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ, аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Блабырхәа ақыҭан ииз, заншьцәа Гәынаа рҟынтә аҟазара зшьа иалоу хҩык аишьцәа аккордеонарҳәаҩцәа Роберти, Романи, Вадими (Ларик) Ажьиаа рҭоурых ҳадылгалоит Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа.
Аҟәатәи аџьармыкьа хада ахылаԥшҩы еиҳабы Абдураҳман Џьуӷьелиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аџьармыкьа аусушьа атәы, насгьы ирацәоума урҭ амшқәа рзы ауааԥсыра рхыԥхьаӡара.
Sputnik Аԥсны акорреспондент, аколумнист Сырма Ашәԥҳа иҳаҩсыз 2020-тәи ашықәс азы лхатә лкаақәа ҟалҵоит, ԥхьаҟатәи лгәыӷрақәа ҳацеиҩылшоит.
Раԥхьаӡа акәны сынтәа знапала аинтерес кны зуҭраҿы абамба аазрыхыз Ҷлоутәи абжьаратә школ аиҳабы Марина Џьапуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит уи шалыршахаз атәы.
Аԥсны аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы Аҳәынҭкомитет иатәу аҳауагәаҭаратә ҟәша аспециалист хада Лариса Ахԥҳа уаанӡа ажьырныҳәамзазы иҟаҵаз амш азԥхьагәаҭаразы адыррақәа халырҭәааит.
Иаса Қьырса Иӡаахра азгәарҭоит ажьырныҳәа 19 рзы. Аныҳәа азкуп Назареҭтәи Иаса Қьырса Иордан аӡы аҟны иӡаахра. Қьырса динаҭит Иоанн Анцәаиажәаҳәаҩ. Арҭ амшқәа рзы ауахәамақәа рҟны имҩаԥысуа аныҳәарақәа Аӡаахра иадҳәалоуп.
Аҭыԥ ахь инеит амашәыр ахҟьаԥҟьақәа аԥызхуа абригадақәа, афымцалашара амҽыша асааҭ 15:00 рҟынӡа инеиҭашьақәдыргыло рҳәеит.
Урыстәылатәи атуристтә компаниа "Библио-Глобус" Тамшь ақыҭан атуристтә обиект ду аргылара иалагеит.