Сынтәа даҽа аамҭанык еиԥшымкәа амҿы зҭаху рхыԥхьаӡара рацәоуп, ҭелла заа аҿаҵа ҟарҵоит, абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит Кәҭол ақыҭан инхо амҿылхҩы Енвер Қәаранӡиа.
ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аремонт азуразы аусура аанкылан ажьырныҳәа 20 рзы. Абри аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа урыстәылатәи афымцалашарала еиқәыршәахоит.
Акоронавирустә инфекциа змаз рыхәышәтәра знапы алакыз амедусзуҩцәа ашәарацҵақәа рзымҩаԥыргон ажьырныҳәа 1 инаркны ԥхынҷкәын 31 2020 шықәсанӡа.
Знеира ахьыуадаҩу аҭыԥқәеи, ашьха иахьаԥну абнарақәа рҟны амцарцәаразы аицҿазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит Урыстәылатәи Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа, иара убас ахархәара арҭеит авиациа.
Акриптовалиута аиуразы афымцамч закәаншьаҭада ахархәара аԥырҟәҟәааразы ареидқәа мҩаԥыргоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аминистрра иатәу араионтә ҟәшақәа русзуҩцәа, апрокуратура, АШәМ, араионқәа рнапхгара ахаҭарнакцәа, "Амшынеиқәафымцамч" аҟазауаа.
Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Инга Шамԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит амузеи аҿы иӡыргоу, аҭааҩцәа акыр азҿлымҳара зырҭоу аԥсуа иашҭа амакет аиқәыршәаразы аусурақәа шцо атәы.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы аинтернет асаитқәа жәпакы рҿы ҳмилаҭ ахаҿра змырԥшӡо аибахыччара ахьаарԥшу авидеонҵамҭақәа рзы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Саида Жьиԥҳа.
Ауаҩы иааӡара, иҵоуроу иҟазшьақәа азырбо ажәақәа ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ажьырныҳәа 24 рзы иубилеи азгәаиҭоит аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, археолог, аетнолог, Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша анаукатә усзуҩ еиҳабы, Гагра араион ахадара аҭоурыхтә баҟақәа рыхьчара аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, Леон иорден занашьоу Руслан Барцыц.
Раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә пианиноарҳәаҩы Хаџьера Аҩӡыԥҳа диит 1917 шықәса ажьырныҳәа 24 рзы.
Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит амаинингқәа рҿыхразы ицо аусуреи, уи алҵшәа аманы иҟаларцаз иҟаҵатәуи ртәы иҳәеит.
Оҭҳара ақыҭан инхо, ашәарыцара абзиабаҩцәа иреиуоу Раули Аиба аӡын дыззышәарыцои, аԥҟарақәа дышрықәнаҟәои ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
"Алашара ҳзырбо ауаа" апроект иаҵҵауа апоет Анатоли Лагәлаа дазааҭгылоит апоет-қәыԥш Абзагә Аҟалӷьба ирҿиара.