Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа иацы Аҟәа инаркны Ԥсоунӡа абнарақәа амца ахьыркыз аҭыԥқәа зегьы дырхаԥырны аҭагылазаашьа гәеиҭеит, аҳәамҭагьы ҟаиҵеит абылрақәа ауаа ишырԥырхагам.
Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Инга Шамԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит амузеи аҟны ирымоу абыкь аҭоурых атәы.
Аԥсуаа рҟны аныҳәамшқәа аиҭанеиааира ақьабз иузаҟәымҭхо ирыдҳәалоуп. Уи ҳкультураҿы иаанарԥшуа аҵакы атәы ҳадылгалоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа лматериал аҿы.
Баслаҭа ақыҭа ахада Владислав Габниа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ауаа ӡыла реиқәыршәаразы изҿыз ауснагӡатәқәа ахьынӡанагоу атәы.
ДЦП адиагноз ззықәыргылоу, 22 шықәса зхыҵуа Цандрыԥшь аҳаблан инхо аԥҳәызба қәыԥш Милана Аџьԥҳа ԥсабарала лылшарақәа шԥкугьы, лара уи дақәшаҳаҭым, уимоу аилазаараҿы дшьақәгыланы егьырҭ аинвалидра змоу ауаа ацхыраара рылҭоит.
Гагра акәша-мыкәша абнарақәа амца ркит ажьырныҳәа 4 рзы, ҩаха рышьҭахь иара лбааит ареспубликатә трасса Ԥсоу - Егры ахь.
Иаҳхысыз ашықәс инҭагӡаны имҩаԥылгаз лусуразы лхатәы лкаақәа ҟалҵоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус рыдырбалахьеит 9782-а ауааԥсыра, урҭ рахьтә 141-ы рыԥсҭазаара иалҵхьеит, 7294-ҩык ргәы бзиахеит.