Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит 2008 шықәса нанҳәамзазы амч ахархәарала уаанӡатәи автономиақәа архынҳәырц азы иаԥшьнагаз ахҭысқәа рышьҭахь.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11096-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8943-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 157-ҩык.
Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион аҿы ақыҭа ахадацәеи "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәеи алархәны имҩаԥгаз аизара атәы.
Ажьырныҳәа 22 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигаз аилацәажәара иалахәын Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуа, ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхаҭарнакцәа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 22 рзы аилацәажәара мҩаԥигеит ареспубликаҿы иҟоу аенергетикатә кризис иазкны.
Эмбарго ООН препятствует полноценному реформированию Вооруженных сил ЦАР.
Читать дальше...Акриптовалиута аиуразы амаининг азы аусурақәа Аԥсны иахьаҵанакуа иаанкылоуп 2021 шықәса рашәарамза акы азынӡа Аминистрцәа реилазаара аусԥҟа инақәыршәаны, иара абри аамҭазы азин ыҟам амаининг хархәагақәагьы ареспубликахь ралагалара.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ареспубликаҿы иҟоу аенергетикатә ҭагылазаашьазы аилацәажәара мҩаԥигеит ахәаша ажьырныҳәа 22 рзы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ареспубликаҿы иҟоу аенергетикатә ҭагылазаашьазы аилацәажәара мҩаԥигеит ахәаша ажьырныҳәа 22 рзы.
Ирылшозеи аҩнусбарҭақәа амаинингқәа рызҵаараҿы, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара иаҵанакуа ахәбатәи аҩнусбарҭа азиндырҩы Аслан Қапба.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Апарламент адепутатцәа дырԥылеит ареспубликаҿы аенергетикатә усхк аҭагылазаашьеи закәаншьаҭада акриптовалиута аиура аҿагылареи рызҵаара алацәажәаразы.
Аԥсны аенергетика апроблемақәеи урҭ ӡбашьас ирымоуи ирылацәажәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аекономикеи азини ринститут аусзуҩ Ахра Арсҭаа, Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, апарламентарицәа.
Аҟәатәи аҩнусбарҭа №2 аиҳабы Алексеи Багаҭелиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь ахада идҵа амаинингқәа рызҵааразы анагӡара аус шцо атәы.
Атурнир "Underground 3" аҳәаақәа ирҭагӡаны 14 қәгылара мҩаԥган зых иақәиҭуи абырзен-римтәи қәԥареи рыла. Аиндаҭлара иалахәын ахацәа реиԥш аҳәсагьы.
Астанциа маҷ "Гәдоуҭа-1" аҟны авариа ҟалеит аԥшьаша ажьырныҳәа 21 асааҭ 19:45 рзы.
Ажьырныҳәа 19 инаркны "Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара ауааԥсыра рзынашьҭра ԥнакуа иалагеит аенергосистема ахьанҭара ахьацлаз азы. Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа ари аҭагылазаашьа ахҳәаа аиҭеит.
Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы аԥкрақәа жәабран 10 рҟынӡа ирыцҵоуп.
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 514-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 109-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.