Ажьырныҳәа 14-15 рзы COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 491-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 127-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Аԥсны ахада иусбарҭаҿы амаинингқәа рызҵаарала имҩаԥгаз аилацәажәара иалахәыз Гәылрыԥшь араион ахада Аслан Бараҭелиа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит ақыҭақәа рҿы аизарақәа рымҩаԥгара шигәҭаку.
Омар Мерцхәылаа иӷьычра афакт инамаданы ахара рыдуп ҳәа ҩыџьа рганахьала ашьаус мҩаԥыргоит-Георги Зыхәбеи Нугзар Папааи. Аусеиларгыҩцәа ишьақәдырӷәӷәом даҽа хаҿқәак аӷьычреи иҿыхразы аԥара агареи иалахәын ҳәа.
Аԥсны ахада иҿы иҟоу аинформациатә хархәагақәа рымадаразы аусбарҭа аиҳабы Алхас Ҷолокәуа арадио Sputnik аҟны иҳәеит амаинингтә фермақәа изакәанымкәа ицо русура аанкыларазы ахылаԥшра иаҳа ирӷәӷәахоит ҳәа алкаа шыҟаиҵаз, ааигәа имҩаԥысыз аилацәажәара аихшьаалақәа рыла.
Акоронавирус аҟынтәи ҩ-компонентк рыла еилоу алаҵа "Спутник V" хәышә доза аагоуп Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә базахь.
Иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсны абиуџьет ахь ашәахтәқәа ралалара аплан иарбан ҩ-миллиардки 789 миллион мааҭ аԥара, инагӡан– 89,8% рыла.
Хәаԥ ақыҭа ахада Анри Анқәаб арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭа ауааԥсыра ирыбзазашьоу атәы, аҿкы чымазаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит жәабранмза 10 рҟынӡа ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку ауснагӡатәқәа ирыцҵазарц Адҵа. Аԥкрақәа ирыҵаркуеит ацәамаҭәеи афатәи рџьармыкьақәа русура.
Ахаша, ажьырныҳәа 13 рзы Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны ҽынла аҳауаԥхарра +19°С инаӡон, аԥшьашаҽны иқәаԥссон.
Ажьырныҳәа 1 азы быжьнызқь рҟынӡа атранспорттә хархәагеи, ҩажәа нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыреи урыстәыла-аԥснытәи аҳәаа иахысит.
Аԥсны абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ажьырныҳәа ашьҭахь аԥсуаа амшьҭа бзиа иадҳәалан имҩаԥыргоз аҵас атәы.