Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11301-ы ыҟоуп, ргәы бзиахеит 9207-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 161-ы.
Ансамбль "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны Жәлар рартист Арвелод Ҭарба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ачымазара ҿкы иахҟьаны атәылаҟны иалагалоу аԥкрақәа ансамбль акәашацәа рҟазара ишаныԥшуа атәы.
Ареспубликаҿы аенергетика аусхк ауадаҩрақәа ирҭагылоуп амаинингтә фермақәа закәаншьаҭада русура иахҟьаны. Аԥсны ахада Апарламент ахь инеишьҭит амаининг хархәагақәа рымхреи, закәаншьаҭада рхархәараз ашьаус аартреи рзы азакәан апроект.
Аҟәа ахадара аҵараусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҿкычымазара иахҟьаны уажәтәи аԥкрақәа рыҿҳәара нҵәаны ашкол ахь ацара азин аныҟала аамҭазы, аҵаратә процесс шышьақәгылахо атәы.
Гәылрыԥшь араион аҟны инхо Адгәыр Гамгьиа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны игәаанагара иҳәеит амаинингтә фермақәа рҿыхра ироуа афымцамч ахаҭабзиара ишаныԥшыз атәы.
Гагра аӡы аиура ԥкын ажьырныҳәа 25 рзы аӡыҭгагатә станциаҿы иҟалаз авариа ашьҭахь.
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба инапы аҵеиҩит аусдҵа "Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа COVID-19 рацәыхьчаразы Аҟәа ақалақь аҿы хаз иго уснагӡатәқәак рымҩаԥгаразы".
Акультуреи аҭҵаарадырреи рзы аҳәынҭқарра ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит акультура аусхк аҭагылазаашьазы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуеи аилацәажәара рыман закәаншьаҭада афымцамч ахархәареи амаинингтә фермақәа рыҟазаареи рзы.
Аԥснытәи Telegram-каналқәа руак аҿы ицәырган Sputnik Аԥсны асаит иатәушәа аинформациа ԥаршеи.