Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 506-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 108-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Аҳамҭа аҵаки ҳамҭас иҟарҵои ртәы ҳзеиҭалҳәоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
Сынтәа ашықәсҿыцазтәи аныҳәатә рхиаразы аиааира занашьаз аҳҭнықалақь аҟны иҟоу асасааирҭа "Абалерина лыҩны шкәакәа" аусбаҩ Наталиа Боџьгуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны илҳәеит ус еиԥш арԥшӡарақәа аԥсшьаҩцәа радԥхьаларазы акрызҵазкуа ракәны дшахәаԥшуа.
Аԥсны Жәлар рпоет, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы, иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу, Пушкин имедал иаԥсахахьоу Мушьни Лашәриа ажьырныҳәа 16 рзы имшира азгәеиҭоит.
Аиашахаҵаратә қьырсианра иаҵанакуа Анцәа Иӡаахра азгәарҭоит ажьырныҳәа 19 рзы.
Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг арадио Sputnik аефир аҿы 2020-тәи ашықәс аихшьаалақәа ҟаиҵеит, еиҭеиҳәеит апандемиа аамҭазы ажурналистцәа русура атәы.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аԥышәаратә сессиа иалагараны иҟан ажьырныҳәа 18 инаркны, иацҵахон жәабранмза алагамҭанӡа.
Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҟны дааныркалеит урыстәылантәи Аԥсныҟа анаркотикатә маҭәашьарқәа алазгалоз ахаҿы.