Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 10784ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8513-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 152-ҩык.
Ареспублика иахьаҵанакуа иалкааны алашара арцәаразы аграфик ҟалом, азхьаԥшра аҭахоит афымцацәаҳәақәа зҵало ахьанҭара.
Гәылрыԥшь араион "Амшынеиқәафымцамч" афилиал аиҳабы Зураб Ҳанагәуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион аҿы амаинингқәа рҿыхразы имҩаԥырго аусура атәы.
Аԥсны иахьаҵанакуа асоура иалагеит ажьырныҳәа 18 ауха. Ари акаршәратә ҭыԥқәа рзы раԥхьатәи соуроуп.
Аԥсны АҶА ахь Гәдоуҭа араион агьамабаратә зал "Шато Бамбора" аҟны амцакры ыҟоуп ҳәа адырра ҟаҵан ажьырныҳәа 19 асааҭ 05:01 рзы.
Ахара здырҵо Аԥсны аҵакыраҿы иҟоуп, Урыстәыла аусбарҭа ҷыдақәа урҭ уахь риагара азҵаара аус адыруылоит, уи ашьҭахь ашьаустә ҭакԥхықәра рақәыршәаразы.
Ажьырныҳәа 19 рзы 120 шықәса ҵит диижьҭеи Аԥсуа милаҭтә драматургиа ашьаҭа зкыз Миха Лакрба. Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" иацҵо, апоет Анатоли Лагәлаа ианҵамҭа арҿиаҩы игәалашәара иазкуп.
Аԥсны иахьаҵанакуа асоура иалагеит ажьырныҳәа 18 ауха. Ари акаршәратә ҭыԥқәа рзы раԥхьатәи соуроуп.
120 шықәса раԥхьа диит ашәҟәыҩҩы Миха Лакрба. Аҿартә театр актиор Саид Камкьиа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аламыс азышәаҳәаҩ, Миха Лакрба иԥсҭазаараҿы иааникыло аҭыԥ.
Аладатәи Арратә округ аруаа рҿы массалатәи алаҵаҟаҵара иалагоит. Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" актәи апартиа ааган Аԥсны иҟоу арратә базахь ԥхынҷкәын 2 рзы.
Апоетесса Лиолиа Тәанԥҳа диит 1952 шықәса рзы Аҟәа араион Ешыра ақыҭан. Лыԥсы ҭаны дыҟазҭгьы Лиолиа ажьырныҳәа 19 рзы илхыҵуазаарын 69 шықәса.
Ашәахьа, ажьырныҳәа 18 ахәылбыҽха асоура иалагеит Аԥсны иахьаҵанакуа. Гәдоуҭеи Аҟәеи араионқәа рҿы ареспубликатә трассаҿ иқәҵааит.
Амобилтә бригада аус ауеит Аҟәатәи амбулатортә центр аҿы. Амедусзуҩцәа ацхыраара рырҭоит COVID-19 змоу, зхала амедусҳәарҭаҿы инеины апроцедурақәа ззыҟамҵо.
Река ақыҭа афельдшер Ламара Ҳашԥҳа-Қәычбериа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аҿкычымазара змоу ауаа рҭагылазаашьа атәы, насгьы илҳәеит ақыҭақәа рҿы амбулатортә ҭыԥқәа раартра азҵаара ишазхәыцтәу.
Пицунда Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аҟәша аремонт иалагеит ажьырныҳәа 3 рзы, жәабранмза алагамҭазы ихыркәшахароуп.