Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 10251-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8010-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 145-ҩык.
Аҿкычымазара аҿагыларазы Тҟәарчал араион аҟны иҟоу аоперативтә штаб аиҳабы Маврик Ҭорҭиа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит араион аҟны ачымазара аганахьала иахьа аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Аҵеи ажьира иаҵаныҳәара ақьабз шымҩаԥырго атәы ҳадылгалоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Ажьырныҳәа 12 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа жәабран 10 рҟынӡа аԥкратә уснагӡатәқәа рыҿҳәара анахаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Гагратәи ателехәаԥшара иахьа 15 шықәса ахыҵит. Ателехәаԥшра ахантәаҩы Русҭан Канџьариа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит риубилеи шазгәарҭо, ателехәаԥшцәа иарбан дырраҭарақәоу ирызнарго, арҿиаратә коллектив шаҟаҩы еиднакыло атәы.
Ажьырныҳәа 13 ауха, 2006 шықәсазы раԥхьаӡакәны аефир ахь иҭыҵит Гагратәи Ателехәаԥшра. 15 шықәса раахыс "Гагра ТВ" аҟны дикторс иҟоу Саида Жьиԥҳа еиҭалҳәеит аусура дшаарыԥхьази, ажурналистика лыԥсҭазаара ишаныԥшызи ртәы.
Отаԥ ақыҭан инхо ашәарыцаҩ Ҭенгьиз Адлеиба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит абнақәа рҿы иҟаз амцакрақәа рышьҭахь агыгшәыгқәа рхымҩаԥгашьа атәы.
Аԥсны иахьаҵанакуа мызкы иназынаԥшуа х-нызқь гектар рҟынӡа адгьылқәа амца иамҽханакны иаман.
Ԥхынҷкәынмза аҽеиҩшамҭа инаркны ажьырныҳәа 10 рҟынӡа Аԥсны араионқәа зегьы рҿы амцакрақәа ыҟан.
Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ Марина Барцыцԥҳа иҳадылгалоит Ажьырныҳәа, бзыԥаа рҿы Хьачхәама ҳәа изышьҭоу аныҳәара амҩаԥгашьа иазку аматериал.
Ахаша ажьырныҳәа 13 рзы Аҟәа ақалақь Омар Беигәаа имҩаду аҿы ишьҭоу аӡымҩангага аԥхасҭа аиуит.
Аԥснытәи аԥарашәаратә система "АԤРА" урыстәылатәи аԥарашәаратә система "МИР" абанктә хсаалагақәа рымаҵ аура иалагеит 2019 шықәсазы.
НААР аҭҵаарадырратә усзуҩ, афольклорҭҵааҩ Есма Ҭодуа арадио Sputnik арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҿы еиҭалҳәеит ахәышҭаарамца аԥсуаа рҿы иааннакыло аҭыԥи, уи ажәа аҵакырацәареи ртәы.
Аҟәа иаартыз Урыстәылатәи амобилтә госпиталь аусура аамҭазы ара рҽырхәышәтәит 342-ҩык.
Аԥсны ахада COVID-19 иахырҟьаны аԥкрақәа рзы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Аԥкрақәа ирыҵаркуеит ацәамаҭәеи афатәи рџьармыкьақәагьы.
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 522-ы атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 141-ы акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.