Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Аҟәа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахы иақәиҭтәын 1993 шықәса, цәыббра 27 рзы.
Ҭырқәтәылантәи забдуцәа рџьынџь ахь нхара ихынҳәыз Аҟәа араион Ачадара акыҭаҟны инхо Раҳми Арӡынба арадио Sputnik аефир ала ицо арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟнытә" аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны инхашьа-ибзазашьа атәы.
Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа иаарԥшу акоронавирустә хҭысқәа рхыԥхьаӡара 1332 ыҟоуп. Ргәы бзиахахьеит 400-ҩык, жәҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Агәымшәаразы амедал занашьоу Сезгин Чыӷә-иԥа арадио Sputnik аефир аҿы игәалаиршәеит 27 шықәса раԥхьа арҭ амшқәа рзы Аҟәа ахақәиҭтәраз ицоз ажәылара.
Ешыратәи аибашьцәа рмузеи аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Ирма Шәқьериаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз, Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы иаԥсахаз Завер Тәанба иҭоурых.
Иааигәахоит аԥсуаа ҳзы иԥшьоу Аиааира амш. Ари аныҳәа агәырӷьара шацу еиԥш иҭахаз рызхьаара ду ацуп. Ҳажәлар рҟны ахацәа агәырҩа шырхыргози афырхаҵа иҭахара ишазнеиуази иазкуп афольклорист Есма Ҭодуаԥҳа иазлырхиаз аматериал.
Sputnik аколумнист Саида Жьиԥҳа илгәалалыршәоит лхәыҷраамҭазы лҩызцәеи лареи зыниаз игәырԥшаагоу ахҭыс.
Астадион "Динамо" аргылара хыркәшан 2014 шықәсазы. Иахьатәи аамҭазы ари ахыбра амчратә усбарҭак анапаҵаҟа иҟам.
Очамчыра арион Мыркәыла ақыҭа ахада Анри Хәырхәмал арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭауаа иахьатәи рыбзазашьа зеиԥшроу, ирымоу ауадаҩрақәеи аихьӡарақәеи ртәы.
1993 шықәса, цәыббра 27 рзы аԥсуа ар Аҟәа агәы иалалеит, асааҭ 15:30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ Совмин ахыбра иахашәыршәыруан, аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын.