Алитератураҭҵааҩ, акритик, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Руслан Қапба ихыҵит 85 шықәса. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, аԥсуа литература акафедра аиҳабы Диана Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит акафедра абчараҳқәа дреиуоуп ҳәа.
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа 674-ҩык акоронавирус шрылоу шьақәдыргылахьеит. Урҭ рахьтә 186-ҩык апациентцәа ргәы бзиахеит, 6-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Аинформациатә ҿиаразы Гал араион ахада иабжьгаҩ Ерик Миқаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит галтәи ателехәаԥшраҿы ихацыркхо апроект ҿыцқәа ртәы.
Жәабран 15, 2021 шықәса инаркны ЕгрыГЕС аркхоит адеривациатә тоннель аиҭашьақәыргыларазы.
COVID- 19 шлыдырбалази, гәдоуҭатәи агоспиталь ахь лгара заҭыххази, насгьы аханатә ачымазара агәра шылымгози ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит уаанӡа Тҟәарчал араион ахадас иҟаз Аида Чачхалиаԥҳа.
Аслан Бжьаниа уажәтәи Москва иҟазаара ԥшьынтәтәуп Аԥсны ахадас дҟалазар аахыс.
"Асахьаҭыхҩы. Аамҭа. Агәалашәара" захьӡу Аиааира амшқәа ирызку ацәыргакәҵа аатуеит цәыббра 22 рзы Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал хадаҿы. Уи ацәыргақәҵатә зал аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит иӡыргахо аусумҭақәа ртәы.
Sputnik еиднакылеит цәыббра 14-20 рзы имҩаԥысраны иҟоу, еиҳа аинтерес зҵоу аспорттә хҭысқәа реидкыла.
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада №10 аҟны аиҭалхрақәа мҩаԥысуан амҽыша, цәыббра 13 рзы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Москва дыҟан, ареспубликаҿ акоронавирустә инфекциа ахҭыс ҿыцқәа азгәаҭоуп, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа амаругақәа раахәараҿы иацхраауеит.