Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭа ахада Геннади Нанба арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит иқыҭауаа рыбзазашьа, уадаҩрас ирымоу атәы.
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа 825-ҩык акоронавирус шрылоу шьақәдыргылахьеит. Урҭ рахьтә 235-ҩык апациентцәа ргәы бзиахахьеит, 7-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, аиҳабыра, аминистрцәа, Гагра араион ахадара рхаҭарнакцәа злахәыз аилатәара мҩаԥган цәыббра 17 рзы. Аиԥылараҿы иалацәажәан араион абиуџьет ахь ашәахтәқәа рнеира апроблема.
Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, СССР аспорт азҟаза Ӡука Бениа арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит иааӡамҭацәа иреиуоу ақәԥаҩ Рустам Амԥар Еиду Америкатәи аштатқәа рҟны иигаз аиааира.
Ареспублика Никарагуа аҿы Ахьыԥшымра амш иазгәарҭоит цәыббра 15 рзы. 1821 шықәса рзы Ацентртә Америка иҟаз, Никарагуа назлаз Испаниа аколониақәа Британиа аҟынтәи ишхьыԥшым атәы рыларҳәеит.
ЕАЕС аҳазалхратә ҵакырахь ахатәхархәаразы 18 шықәса ирҭысхьоу ахаҿы илшоит 200 сигареҭ, ма 50 сигара (сигарилла), ма 250 грамм аҭаҭын, ма иарбоу аалыҵқәа ааидкыланы зеиԥш капанла 250 грамм еиҳамкәа ииаигар азин имоуп.
Сталинтәи арепрессиақәа ирызку апублицистикатә усумҭақәа рсериа автор Белла Барцыцԥҳа Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа даԥсахеит. Арадио Sputnik аефир аҟны лара еиҭалҳәеит аматериал шеизылгоз.
Атурнир аҳәаақәа ирҭагӡаны Еиду Америкатәи аштатқәа рҿы имҩаԥган ф-қәгыларак. Дара ирылахәын ахацәа реиԥш аҳәсагьы.
Аԥсны ахада ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аӡбара шьаҭас иаҭаны аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аԥсуа ҳәаахьчаҩцәа аԥҳәыс дааныркылеит аҳазалхратә ҭыԥ "Ԥсоу" данахысуаз. Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Аԥсны ААР атранспорт аҟны аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа.
Арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа акороновирус идбалоуп. Иахьатәи аамҭазы иара аҩны дыҟоуп, иҽихәышәтәуеит. Уи игәабзиара зеиԥшроу, насгьы ихәшәтәра шымҩаԥысуа атәы арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Ареспубликаҿы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа мҩаԥгахараны иҟоуп 2020 шықәса абҵара 1 азы. Ақалақьтә еизарахь адепутатцәа ԥшьышықәса ҳәа ҿҳәарас ирыманы иалырхуеит.
Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба анапынҵа ҟаиҵеит ақалақь ахадараҿы акоординациатә центр еиҿкаазарци амедусҳәарҭақәа реинырра асхема рхиазарци.