Акоронавирус азы атәылаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иахҟьаны Аԥсны ашколқәа зегьы рҟны акарантин алагалоуп ҳәа аинформациа АИХқәа рҿы ирыладырҵәеит ахәаша, цәыббра 25 рзы СЕС аиҳабы Лиудмила Скорик иҟалҵаз аҳәамҭа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.
Гәдоуҭа араион аҵара аҟәша аспециалист хада Диана Барцыцԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит иахьатәи аамҭаз ашколқәа рҿы аҵара апроцесс амҩасшьа атәы, насгьы ачымазара зманы иалкаау рхыԥхьаӡара атәы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра акоронавирус алаҵәареи аҽарҭбаара иахьалагази инамаданы ашколқәа зегьы рҟны акарантин рылаҳәоуп жьҭаара 16, 2020 шықәса рҟынӡа.
Аԥсны Апарламент аҿы аҩбатәи аԥхьарала "Абџьар азы" азакәан апроект рыдыркылеит. Уи азы арадио Sputnik аефир аҿы игәаангара иҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Баҭал Табаӷәуа.
Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус рыхьит ҳәа иаарԥшу ауаа рхыԥхьаӡара 1245-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 360-ҩык ргәы бзиахеит, ааҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Аԥснытәи аҳәаала Урыстәыла аҳазалхратә ҵакырахь ахатәхархәаразы 18 шықәса ирҭысхьоу ахаҿы 200 сигареҭ, ма 50 сигара (сигарилла), ма 250 грамм аҭаҭын, ма иарбоу аалыҵқәа ааидкыланы зеиԥш капанла 250 грамм еиҳамкәа ииаигар азин имоуп.
Цәыббра 24 рзы Аԥсны Апарламент адепутатцәа Аиааира Амш 27 шықәса ахыҵразы амассатә уснагӡатәқәа мҩаԥымгазарц азы Аслан Бжьаниа иахь аҳәара ахьыҟарҵо ақәҵара рыдыркылеит.
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада, академик Зураб Џьапуа арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет аусзуҩцәеи иареи имҩаԥыргаз аиԥылараҿы излацәажәаз атәы.
Азинхьчаратә усбарҭақәа рыхәшьарақәа рыла иаанкылоу анаркотиктә партиа ахәԥса 14 миллион рҟынӡа инаӡоит.
1962 шықәсазы ииз Џьемали Соселиа дшырӷьычыз азы Аҩнуҵҟатәи аусқәа Гал араионтә аҟәша аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟалеит цәыббра 6 ауха.
Аҭауад Пиотри иԥҳәыс Феврониеи ргәалашәара иазкны Аҭаацәа, анасыԥ, агәреибагара рымш Урыстәыла есышықәса иазгәарҭоит ԥхынгәы 8 рзы.
Аԥсны Апарламент аҟны ирыдыркылеит ақәҵара "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи Аиааира Амши – цәыббра 30 – 27 шықәса ахыҵра инадҳәаланы амнистиа рылаҳәаразы". Уи азы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аҿкы чымазара COVID-19 зыхьуа рхыԥхьаӡара Аԥсны ианацло аамҭазы аҳҭнықалақь ашколқәа рҵаратә процесс ишацырҵо, урҭ руак аркхоит ҳәа ацәажәара абанӡаҵабыргу, абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи арадио Sputnik аефир аҟны рҭак ҟалҵеит Аҟәа аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа.
Аполигон Ҵабал аҿы Аладатәи арратә округ аруааи Аԥсны Атәылахьчара аминистрра, Ашәарҭадаратә маҵзура аррамҵзурауааи Аԥсны АҶА аусуҩцәеи еицымҩаԥыргеит астратегиа акомандаҟаҵара-штабтә ҽазыҟаҵарақәа.