Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит ақалақьтә џьармыкьа аҭагылазаашьа атәы.
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит ҳәа иаарԥшу 557-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 158-ҩык апациентцәа ргәы бзиахеит, хәҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Изакәанымкәа аҳәаа иахыргоз атауар - ацхеи аевкалипт абӷьқәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырахь иргьежьын.
Sputnik аколумнист Саида Жьиԥҳа арадио Sputnik арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҿы еиҭалҳәеит Гагра араион анцәахәы дшамаз атәы зҳәо ажәабжьк аҭоурых атәы.
Апрограмма "Адемографиа арҿиара 2020" аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсуа милаҭ еиуоу аҭаацәарақәа ахԥатәи рыхшареи ирышьҭанеиуеи рзы знык ала 100 нызқь мааҭ рзыршәоит. Уи азы Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы Абиуџьетнҭыҵтәи афонд сынтәа иазоужьуп 50 миллион мааҭ.
Апрокуратура аусзуҩцәа ахҭыс ахьыҟалаз Аҟәа, Гәымсҭатәи амҩаҿы игылоу аҩнеихагыла иаҭааны иҭырҵааит.
Аҟәа ақалакь аҵара аҟәша аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит апандемиа аамҭазы асанитартә шәага-загақәа рықәныҟәара ашколқәеи ахәыҷбаҳҷақәеи рҟны иахьынӡарылшо.
Аԥсуа бызшәа зҭагылоу ауадаҩрақәеи урҭ рыӡбаразы мҩақәас илхтәуи ртәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭнықалақь Москваҟа усутә ныҟәара ҳәа цәыббра 7 рзы амҩа дықәлеит.
Аҳәынҭқарратә программақәа "Аԥсны атәылауаа ркатегориақәак нхарҭаҭыԥла реиқәыршәаразы", "Анхарҭаҭыԥ-2021" рзы акомиссиа аусура аанкылан 2020 шықәса хәажәкырамзазы акоронавирус алаҵәара инадҳәаланы.
Афотоеицлабра "Аԥсны аобиектив аҿы" иалкаахаз аусумҭа автор, ажурналист, адырраҭара "Ажәеиԥшьаа" автор Адгәыр Гәынба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аицлабрахь инаишьҭыз аусумҭақәа рахьынтә иалкаахаз, уи зызку.
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб дидикылеит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Мераб Логәуа. Аиԥылараҿы иалацәажәеит 2020 шықәса аҩнуҵҟатәи алагалақәа рыплан анагӡара азҵаарақәа.
Аԥсны ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2020 шықәса абҵара 1 азы. Ақалақьтә еизара адепутатцәа ԥшьышықәса ҳәа ҿҳәарас ирыҭаны иалырхуеит.
Нанҳәамза аахыс Аԥснытәи атәанчаҩцәа урыстәылатәи атәанчахәқәеи аԥсуа шәарақәеи абанктә хсаалагақәа рахь акәымкәа, Аҵәахырҭатә банк акассақәа рахьи егьырҭ акоммерциатә банкқәа ркассақәа рахьи ирзынарышьҭуа иалагеит.