Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәарҭоит цәыббра 30 рзы. Абри аҽны 1993 шықәсазы Аԥсны ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахы иақәиҭтәын.
Агәымшәаразы амедал занашьоу аибашьҩы Гәымба Руфбеи иеибашьратә мҩеи, игәалашәарақәеи лзеиҭеиҳәеит иашьа иԥҳа Наала Гәымԥҳа.
Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа иаарԥшу акоронавирустә хҭысқәа рхыԥхьаӡара 1458 ыҟоуп. Ргәы бзиахахьеит 530-ҩык, жәеизаҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Тҟәарчал араион акультура аҟәша аиҳабы Рита Ажьиԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аиааира амш араион аҿы ишазгәарҭаз, илгәалалыршәеит 27 шықәса раԥхьа ажәабжь шлаҳаз атәы.
Хашҭра зқәым, угәы ҭызшьаауа, аҭоурых иаҿахәҳәагоу агәалашәарақәа – ажурналист Сырма Ашәԥҳа ланҵамҭаҿы.
Ермантәылеи Азербаиџьани Ашьха Ҟарабах еимакны реиҿагылара аҽеибанарххеит цәыббра 27 рзы.
Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Баҭал Табаӷәуа Апарламент аҿы ирыдыркылаз амнистиазы ақәҵара ахҳәаа аиҭеит.
Абзагә Ҵәыџьба – анапхгаҩ ҿарацәа реицлабра "Аԥсны агәадура" аҟны аиааира згаз ируаӡәку – Аԥсны акультура аминистр жәларбжьаратәи аимадарақәа рзы ицхырааҩс дҟалеит.
Аиааира амш азгәаҭара сынтәа лымкаала илзацу ахьаа ҳацеиҩылшеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, Агәымшәаразы амедал занашьоу Аида Чхебелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аиааира амш дахьаԥылаз, насгьы уи иацыз ахьаа атәы.
Аҟәа ақалақь ахадара анапынҵа ҟанаҵеит апассаџьырцәеи аныҟәцаҩцәеи ргәабзиара ашәарҭа аҭамыргыларазы ауаажәларратә транспорт аҿы арзҩыдаратә уснагӡатәқәа мҩаԥгалазарц.
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәарҭоит цәыббра 30 рзы. Абри аҽны 1993 шықәсазы Аԥсны ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахы иақәиҭтәын.
Аԥсны акоронавирустә инфекциа аҿагыларазы ацентр аартын Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы мшаԥымзазы.
1993 шықәса, цәыббра 30 рзы ихыркәшахеит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра. Аԥсуа еибашьцәа ҳбираҟ шьҭырхит Егры аӡиас ала ицо Аԥсны аҳәааҿы.
Аиааира амш аӡәырҩы агәылацәа еилаланы рыдәқәа рҿы иазгәарҭоит. Ус шьҭа традициак аҳасабала иазнеиуеит. Аҟәа ақалақь Аҳабла ҿыц аҿы инхо Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Зураб Ҳашба арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит ари атрадициа абашьҭрала ицалар шахәҭоу.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра афырхацәа шцәырнагаз еиԥш, ҳмилаҭтә фырхаҵаратә ашәақәагьы арҿыхеит. Иахьа цәыббра 30 – Аиааира аныҳәамш аҽны шәаԥхьарц ишәыдаагалоит аибашьра ҳажәлар рҿаԥыцтә традициа ишаныԥшыз иазку афольклорист Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭа.