Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи акультура афонд аофициалтә хаҭарнак Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит афестиваль аиҿкааҩцәа иаздырхиаз апрограмма атәы.
Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа 502-ҩык ишрылоу аадырԥшхьеит. Урҭ рахьтә 157-ҩык апациентцәа ргәы бзиахеит, ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Ақырҭуа депутатцәа Елыртәи ауахәама аныхачаԥа ҳамҭас иазааргеит нанҳәа 18 рзы. Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама уи адкылара мап ацәнакит.
Аҵарауаҩ Саида Ҳаџьымԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ашықәсан иреиӷьу ҳәа лҩызеи лареи иалкаахаз русумҭа зызку, уи аԥҵара ахықәкы атәы.
Аҟәа ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа акардиологиатә ҟәша аркын мызкы ҳәа, уи аҩнуҵҟа акоронавирус зцәа иалаз апациентцәеи аҳақьымцәеи анаарԥшха ашьҭахь.
Аицлабра "Аԥсны агәадура" аҟны Асҭамыр Қәҭарба ицәыригаз апроект аиҿкаара дуқәа рыҩнуҵҟа аелектронтә ҳасаббареи урҭ русура ахылаԥшреи ирызкын.
Аԥсуа поет, ашәҟәыҩҩы Таиф Аџьба диижьҭеи 80 шықәса аҵра инамаданы ҩ-томкны иҩымҭақәа реизга ҭыҵит, атираж 500 цыра ыҟоуп.
Еицырдыруа амедицинатә журнал The Lancet аҟны икьыԥхьуп Covid-19 хызҽуа урыстәылатәи алаҵа Sputnik V аҭҵаара алҵшәақәа.
Аԥсуа- аурыс археологиатә гәыԥ изаамҭанытәу ажрақәа хнаркәшеит Очамчыра. Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы, археолог Аркади Џьопуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ижәытәӡатәиу ақалақь Гиуенос иахьаҵанакуа ажрақәа раан иаарԥшыз аԥшаахқәа ртәы.
Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы ицхырааҩс иҟарҵаз Александр Чачба аицлабра "Аԥсны агәадура" аҟны ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит.