Гагра араион Бзыԥҭа аҳабла алхратә комиссиа ахантәаҩы Асида Кәакәасқьырԥҳа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭалҳәеит Жәлар реизара адепутатрахь аиҭалхрақәа рымҩаԥгара иахьынӡазхиоу атәы.
"Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа 2020" мҩаԥысуан нанҳәа 23 инаркны цәыббра 5 рҟынӡа. Аԥснытәи акоманда раԥхьаӡа акәны аицлабрақәа ирылахәын Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу инаԥхьарала.
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит ҳәа иаарԥшу 572-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 164-ҩык апациентцәа ргәы бзиахеит, фҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Аԥснытәи аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭаҿы иҭыҵит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу, Горки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут аҟны аус зуа Виачеслав Бигәаа акыр шықәса еизигоз, аус здиулоз ашәҟәы "Алашара". 1955 – 2012".
Аурыс драматә театр а-39-тәи асезон ахыркәшарахь инеиуеит. Атеатр актиор Џьамбул Жорданиа арадио Sputnik аефир аҿы уи алҵшәақәа ртәы еиҭеиҳәеит.
Алхас Шамбеи Азамаҭ Багаҭелиеи еиҭарҳәараны иҟоуп Пицунда акурорттә сезон абжьараамҭатә еихшьаалақәа ртәы.
Аруаа рморал-психологиатә ҭагылазаашьа агәаҭаразы атактиукатә ҽазыҟаҵара-ҵарақәа рымҩаԥгара аамҭа-аамҭала имҩаԥыслоит.
Афонҿыцтәи аҳаԥы апандемиа аамҭазы аусушьа, сынтәа акурорт аамҭазы шаҟаҩы аҭаахьоу акадифа аамҭа иадырҳәало агәыӷрақәеи дырзааҭгылеит Афонҿыцтәи аҳаԥы аиҳабы Мирон Чалмаз.
Атәылауаҩ А. Џьыкырба Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаган автомат "Калашников" ала иаб даниехс ашьҭахь.
78-шықәса зхыҵуаз ахаҵа цәыббра 9 рзы иԥсҭазаара далҵит. Иара нанҳәа 29 рзы Гәдоуҭатәи ковид-центр ахь днаган.
Урыстәылатәи аладатәи арратә округ аруаа азыхиоуп Аԥсны ауааԥсыра ацхыраара рыҭара амцакрақәа рырцәараҿы.
Еиуеиԥшым ахәаҷа хкқәа ашәырқәеи ауҭраҭыхи аԥхасҭа рырымҭарц азы изладыршәо, ииааӡо ажь ахкқәа, иоуа аҽаҩра зеиԥшроу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Дәрыԥшь ақыҭа анхаҩы, аҩы рацәаны иҭазҭәо Алхас Кәарцхьиа.
DutyFree – баџьдатәи хәаахәҭратә дәқьанқәоуп, аԥсуа-аурыс ҳәааҿы аус руеит. Адәқьан аҿы атауар рҭиуеит Аԥсны аҳазалхратә еилакы ахылаԥшрала.