Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит атәыла ахада Аслан Бжьаниеи араион ахадареи реиԥылараан излацәажәаз атәы, насгьы сынтәатәи атуристә сезон амҩаԥысшьа зеиԥшроу.
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа 782-ҩык акоронавирус шрылоу шьақәдыргылахьеит. Урҭ рахьтә 226-ҩык апациентцәа ргәы бзиахахьеит, 7-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Ииасыз ашықәс азы Аԥснынтәи ацитрустә шәырқәа рекспорт азы аныхрақәа 13 мааҭ рыла еиҵатәын.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахьыԥшымра 30 шықәса ахыҵраз апарад мҩаԥысраны иҟоуп Цхьинвал, Атеатр ашҭаҿы цәыббра 20 рзы.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра иаҵанакуа ахәшәқәеи, ахәшәтә маҭәашьарқәеи, амыргугақәеи рыла аиқәыршәаразы аусбарҭа аиҳабы Ахра Аџьба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит избан хәшәқәак рзы аԥҭекақәа рҿы аиҵахара зыҟоу.
ЕгрыГЕС ахархәарахь ирыҭан 1978 шықәса рзы. Агидроагрегатқәа Аԥсны аҵакыраҿ игылоуп, аӡеизакырҭа – Қырҭтәыла.
Иахьазы Аԥсны хаз игоу классқәак рҿоуп акоронавирус иахырҟьаны акарантин ахьрылаҳәоу. Ҵараиурҭак аркны иҟам.
Аслан Бжьаниа анапынҵа ҟаиҵеит ашәахтәқәа рымшәаразы аус Апрокуратура хадахьы инашьҭызарц.
Нхыҵ Уаԥстәылантәи Аԥсныҟа иааны иҟоуп Ахәаԥшҩы қәыԥш итеатр. Урҭ араҟа ахәаԥшцәа иддырбо ақәыргыламҭақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥсуа театр актиор Адгәыр Малиа.
Хәышықәса ҿҳәарас измоу урыстәылатәи аҳәаанырцәтә тәылауаҩшәҟә аԥсахра зҭаху атәылауаа рыдкылара мҩаԥыргоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәшаҿы.
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҩныҵҟа иҭакыз Анзор Ҭарба иԥсра иадҳәаланы аабатәи аилатәара мҩаԥган цәыббра 16 рзы.
Аҵарауаҩ Инал Гыцба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит "Аибашьратәи афырхаҵаратәи тематика жәлар рҟазараҿы" ҳәа хьӡыс измоу анаука-практикатә форум аҵарауаа ҿарацәа рзы ҵакыс иамоу атәы.
Цәыббра 16, ахаша Аҟәатәи ауараш зауад аҟынтәи абылтәы-хьшьтәы маҭәашьар аӡиас иалалеит, нас амшын ахь инеиит.