Гәылрыԥшьтәи арратә госпиталь аҳақьым хада Гәырам Шьоууа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит акороновирус змоу рзы Агәыӡера ахәышәтәырҭаҿы хазы аҭыԥқәа раартра аус шцо атәы.
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус 1054-ҩык ишрыхьхьоу аарԥшуп. Урҭ рахьтә 311-ҩык апациентцәа ргәы бзиахеит, быжьҩык акоронавирус зыхьуаз рыԥсҭазаара иалҵит.
Цәыббра 21 азтәи адыррақәа рыла, Аҟәа 326-ҩык акоронавирус роухьеит, 30-ҩык школхәыҷқәоуп, 12-ҩык ашколқәраҟынӡа имнаӡац.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны ихыркәшоуп жәларбжьаратәи анаука-практикатә форум, уи алҵшәақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Атәылаҿы еиҳа-еиҳа иазҳауеит акоронавирустә инфекциа ахҭысқәа рхыԥхьаӡара. Аоперативтә штаб адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи уахи-ҽни рыла Аԥсны 56 коронавирустә хҭыс аҭыԥ аман.
Ареспублика араионқәа зегьы рҿы Аԥсны АҶА аҟәшақәа русзуҩцәа аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи ,аҩнеихагылақәеи, ахатә ҩнқәеи рҟны арзҩыдара мҩаԥыргоит.
Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла инақәыршәаны, ауаҩытәыҩса имч мырхакәа ицәаԥҽразы 3-6 шықәса рҟынӡа ахарақәҵара артәоит.
Аԥсны аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Гәырам Инаԥшьба арадио Sputnik аефир аҿы атәыла ахада ацитрустә аалыҵқәа рзы инапынҵа ахҳәаа азыҟаиҵеит.
Вахтанг Убириа - аиндаҭлара "Аԥсны агәадура" дафиналиступ. Аконкурс аҿы ирыдигалаз апроект Гал араион аҟны аԥсуа бызшәа аҵара атема иаҵанакуан.
Шәачатәи аҳазалхыҩцәа еиԥдырҟьеит 1600 пачка аҭаҭын аалыҵ контрабандала Урыстәылаҟа аҳәаа ахыгара. Аҭаҭын аалыҵ изтәыз ирымхуп, иара убасгьы ирымхуп изламҩаныргоз "аџьиԥқәа".
Аобсервациатә ҟәша аадыртраны иҟоуп ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы, "акоронавирус" рымазар ҟалоит ҳәа агәаанагара ззыҟоу апациентцәа ишалшо ала ацхыраара ласы роурц азы.
Акциа "Ашколхәыҷ изы аелектронтә техника ҳамҭас" иалахәхар зҭаху зегьы ироуеит алшара ԥарала, ма еиқәшәоу акомпиутертә техникала ашколхәыҷқәа ацхыраара рырҭарц.
Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа рҳәынҭқарратә оркестр аконцерт мҩаԥысраны иҟоуп цәыббрамза 23 рзы Аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Уи иалахәхо асасцәа ртәы арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит акультура аминистрра аконцертқәеи агастрольқәеи рыҟәша аиҳабы Адамыр Гәынба.
Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит COVID-19 аҟынтәи адунеи аҿы ираԥхьатәиу алаҵа. Алаҵа аус адулан Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала. Хьӡыс иаҭан "Спутник V".
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара Аԥсныҟа амаининг азы амыругақәа ҩымз рыҩнуҵҟа алагалара азин ҟанаҵом. Аекономика аминистрра анапы ианҵоуп акриптовалиута аиуразы анорматив-зинтә ҳәаақәҵаразы азакәан апроект азин адуланы иазырхиазарц.