Азҿлымҳара зцу афольклортә жанр аԥхыӡқәа реилкаареи ацәара анцәахәқәеи дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада №10 аҟны аиҭалхрақәа мҩаԥысуеит амҽыша, цәыббра 13 рзы.
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа 656-ҩык акоронавирус шрылоу шьақәдыргылахьеит. Урҭ рахьтә 186-ҩык апациентцәа ргәы бзиахеит, 6-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Аҟәа араион аҵара аҟәша аиҳабы Лиулиа Сарсаниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит араион ашколқәа рҟны сынтәа аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Аԥсуаа ражәаҳәа иалоу аҵакырацәа зныԥшуа ажәақәак ирызкны лгәаанагарақәа ҳацеиҩылшоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада №10 аҟны аиҭалхрақәа мҩаԥысуеит амҽыша, цәыббра 13 рзы.
Аԥсуа жәлар "ахара" анрыдаз аамҭақәа раан, Гагра ақалақь аҿы адгьыл аахәаны араҟа зшьапы азаркыз, уимоу, апринц Ольденбургтәи иҩызцәахаз аишьцәа Кьахьыраа (Бениаа) ирызкуп ари анҵамҭа. Ажәабжь еиҭеиҳәеит урҭ ирхылҵшьҭроу Рафаель Бениа.
С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә амузеи афондқәа реиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" аҟны еиҭалҳәеит аҽыбӷаҟаза, СССР аспорт азҟаза Назир Папбеи ииашьара иатәыз аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи рҭоурых.
Сахьалеи гəаҭалеи иԥшӡоу Шьамтəылантəи иааны зыԥсадгьыл аҿы инхо ҳџьынџьуаҩ Аисель Агрԥҳа длыҿцәажәеит ажурналист Сырма Ашəԥҳа.
Акалаҭқәа, амҵәышәқәа, аҟәыдыршьшьыгақәа, амҳаԥқәа уҳәа еиуеиԥшым амҿлыхқәа инапы рызҟазоуп Аацы ақыҭан инхо Константин Аҩӡба. Ауасҭа иҟазарҭа даҭааит Sputnik акорреспондент Наала Гәымԥҳа.