Ачарақәа рура аамҭа ахыгахоит иааиуа амзазы. Ас еиԥш аҭагылазаашьа ачараурҭатә хыбрақәа рыԥшәмацәеи ачара аҿҳәара ԥызҵәахьоу ауааи зҭанаргыло ауадаҩрақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит абанкеттә зал аиҳабы Авҭандил Ҷедиа.
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа 878-ҩык акоронавирус шрылоу шьақәдыргылахьеит. Урҭ рахьтә 240-ҩык апациентцәа ргәы бзиахахьеит, быжьҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Ақьаӷьариа лыцхыраарала аԥҳәысҳәараан зны-зынла иҟалар зылшоз ахҭысқәа аҭыԥҳацәа рразҟы ишаныԥшуаз еиҭалҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Очамчыра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа арадио Sputnik аефир ала ицо арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы дызлацәажәаз иреиуоуп Аҟәеи Очамчыреи еимаздо амҩа хада арлашара азҵаара.
Sputnik аколумнист Саида Жьиԥҳа иҳацеиҩылшоит ааигәа илаҳаз, акырӡагьы лгәы ианырыз ԥсыуа ҭыԥҳак ллахьынҵа иазку аҭоурых.
Арифа Қапԥҳа лматериал аҟны шәаԥхьар алшоит иԥшәымадоу аҩнқәеи, амҩабжьаларҭа хәыҷқәеи уҳәа рҭоурыхқәа.
Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" аҳәаақәа ирҭагӡаны шәаԥхьарц ишәыдаагалоит иналукааша аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет Мушьни Миқаиа ирҿиара иазкны Анатоли Лагәлаа иазирхиаз инарҭбаау аматериал.
Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩатә аалыҵ аекспорт аан аҳәааҟны ашәатәқәа реиҵатәра азҵаара шҭырҵаауа, аус адулара шцо атәы.
Очамчыра араион аҿы АУН "Амшынеиқәафымцамч" акомиссиа ареид мҩаԥнагеит аԥшьаша, цәыббра 17 рзы.