Акаԥа ақыҭа ахада Зураб Габлиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит афымцалашареи амҩақәеи рзы ирымоу ауадаҩра атәы, иҳәеит анхацәа ирыбзазашьоу.
Анхаҩы дманшәалахарц, иҽаҩра иԥыларц иҽызцәихьчоз аԥсаатәқәа ртәы шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Аԥсны иаку аволонтиортә гәыԥ аԥҵара ахьынӡаҭаху арадио Sputnik аефир аҟны еиҭарҳәеит Аҟәеи Очамчыреи аволонтиорцәа ргәыԥқәа ирылахәу Лана Ҷкадуаԥҳаи Аслан Асланӡиеи.
Еицырдыруа акомпозитор Микаел Таривердиев иԥсҭазаара далҵит ԥхынгәы 25 1996 шықәсазы. Иара Аԥсныҟа есышықәса даауан. Ароуп еиҳарак ирҿиамҭақәагьы адунеи ахьырбаз.
Ԥхынгәы 18 рзы 88 шықәса ихыҵит еицырдыруа аԥсуа фольклорист, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, акритик, алитератураҭҵааҩ Шоҭа Хьыч-иԥа Салаҟаиа. Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" иацҵо, апоет Анатоли Лагәлаа иҳадигалоит аҵарауаҩ изку анҵамҭа.
В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша аҳәынҭқарратә музеи аҭоурых аҟәша аусзуҩ Геннади Ҵлаииа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аибашьраан рхы иадырхәоз напылаҟаҵаратәи абџьарқәа рҭоурых атәы.
Аҟәа ақалақь ахадараҿы аус зуаз ақалақьргыларазы ахеилак аусура аанкылан апандемиа ишаалагаз. Ахәаша ԥхынгәы 23 рзы уи аилатәара мҩаԥысит.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ иатәу арратә базаҿы имҩаԥысит Кутузов, Жуков, Аеҵәа ҟаԥшь рорденқәа занашьоу Краснодартәи Абираҟ ҟаԥшь иатәу Урыстәыла Аладатәи арратә округ абыжьбатәи абаза 103 шықәса ахыҵра иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа.