Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 19595-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 16050-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 272-ҩык.
Sputnik Аԥсны аҭыхратә гәыԥ аҭааит Кәтол ақыҭа, араҟа инхо арԥыс қәыԥш ихациркит уаанӡа иабацәа рнапы злакыз ачаи аарыхра.
Аԥсшьарҭа ҩны "Самшитовая роща" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Кәарцхьиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит дара рыԥсшьарҭаҿы ачымазараҿкы аҽацәыхьчаразы аусурақәа шеиҿкаау атәы.
Урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа гәыԥҩык зықәтәаны амшын ихыз акатамаран аидара рацәа иахҟьаны иԥҽын, аӡааҟәрылара иалагеит Гәдоуҭа араион Бамбора ақыҭа аԥшаҳәаҿы.
Саида Жьиԥҳа лышәҟәы-альбом "Ицәажәо аҭыӡқәа" рызкуп иахьа уажәраанӡа иеиқәханы иҟоу ажәытә аԥсуа ҩнқәа.
Афонҿыцтәи адәыӷбаанҿасырҭа "Ԥсырӡха" ргылан 1944 шықәсазы, иахьа уи аҭыԥантәи ауааԥсыреи аԥсшьаҩцәеи бзиа еицырбо ҭыԥуп.
Гагра араион ахадара акурорти атуризми рыҟәша аиҳабы Ахра Бганба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥсшьаҩцәа аӡаҿы ршәарҭадара аиҿкааразы имҩаԥырго аусмҩаԥгатәқәа ртәы.
Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба араионтә прокурорцәа алархәны аилатәара мҩаԥигеит, аԥшьаша ԥхынгәы 15 рзы.
1989 шықәса ԥхынгәы 15-16 рзы аԥсуа-ақырҭуа еидысларақәа ирылахәыз Коба Ҷыҭанаа урҭ амшқәа игәалашәараҿы ишаанхаз атәы дырзааҭгылеит.
Никарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит Урыстәыла ашьҭахь, 2008 шықәса рзы, уажәшьҭа 12 шықәса ҵуеит аҩтәылак рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылоуижьҭеи.