Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 19778-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 16078-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 275-ҩык.
Аихамҩатә аангыларҭа "Гәыма" ргылан 1940 шықәсазы. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ари аҭыԥ гәыгәҭыжьны иҟан, аха 2019 шықәсазы қьырала ахатәхаҿы иҭан.
Владимир Аҩӡба Ҭырқәтәыла даныҟаз еизигаз анекдотқәа знылаз ашәҟәы ҭыҵит. Аҭыжьымҭа аредактор Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, аҵарауаҩ-аетнолог Арда Ашәба еиҭеиҳәеит уи иагәылалаз атекстқәа арбану, насгьы азҿлымҳара аҭара заҭаху.
Нанҳәамза 2020 шықәса инаркны урыстәылатәии аԥснытәии атәанчахәытә шәарақәа абанктә хсаалагақәа ирхымԥхьаӡалакәа абанктә кассақәа рҟынтәи рыҭара иалагеит.
Sputnik афотокорреспондент хықәкыла Ҭҟәарчал даҭааит, уажәааны уаҟа ишәҭуа иблахкыгоу агортензиақәа рҭыхра дахьӡарц.
Ашәаҳәареи акәашареи зҽаԥсазтәыз Аԥсны аҳәынҭқарратә ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Валери Ҭаниа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ансамбль аҽахьазыҟанаҵо аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ишырҿу, ансамбль аамҭала аԥсшьара ишышьҭу.
Арԥыс Урыстәылантәи Аԥсныҟа даарц игәы иҭан Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа данааныркыла.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 19595-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 16050-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 272-ҩык.
Вахтанг Харчлаа АУН "Амшынеиқәафымцамч" Тҟәарчалтәи аҟәша аиҳабыс даҭан нанҳәамза 2020 шықәсазы.
Пицунда ахатәы сасааирҭа змоу Аида Ҭраԥшьԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит лсасааирҭаҿы аҿкы аламырҵәаразы аҭагылазаашьа аусзуҩцәеи асасцәеи иахьынӡахылаԥшуа ртәы.
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент изаамҭанытәим аилатәара амш аусхәаԥштә иалан азҵаарақәа ԥшьба.
Административтә хараԥса рықәҵоуп закәаншьаҭада акриптовалиута арҳаразы амаининг-хархәагақәа аҿазкыз аԥшәмацәа.
Гьамала акрыфара амш аназгәарҭо ԥхынгәы 16 рзы аԥсшьаразы заа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа ахьаҿарҵо аинтернет ҳақәа рыҟны а́зҵаарақәа мҩаԥыргеит.
Ауаажәларратә усзуҩ Ирина Кәакәасқьырԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аиҳабыра рахь ааԥхьара зыҟарҵаз, аԥкрақәа рырӷәӷәара дзадгылаҩу атәы.
Еицырдыруа аԥсуа курорт иазку ирҿыцу ашәа адырҳәаларц иргеит Урыстәылатәи аихамҩақәа реилахәыра, иара нарыгӡоит авокзалқәеи Аладатәи ахырхарҭала иныҟәо адәыӷбақәеи рҟны.
Қырҭтәылантәи ҳтәыла иҭало зегьы аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" аҿы еиҿкаау асанитар-епидемиологиатә маҵзураҟны иддырбароуп алаҵа шыҟарҵаз атәы зҳәо ашәҟәы, COVID-19 рцәа ишалам шьақәзырӷәӷәо аилыркаа, ма ацәеижьҿагылақәа шрымоу аазырԥшуа абӷьыц.