Аҷандара ақыҭан инхо Ҳабҩыҟа аԥсшьаҩцәа мҩаԥызго Адгәыр Чамагәуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит уаҟа ауаа рыԥсшьаразы аҭыԥқәа зеиԥшроу, иахьа ауаа зҭаауа аҭыԥԥшӡарақәа ртәы.
Аԥсны уаанӡатәи ахада ихаҭыԥуаҩ, аполитикатә партиа "Аԥсны" ахантәаҩы Витали Габниа имашьына амца ацрарҵеит рашәара 22 ауха Аҟәа агәаҿы. Ацәгьа зуз даанкылоуп, ашьаус хацыркуп.
Аԥсны аепидемиатә ҭагылазаашьа инаваҟәыло акриминалтә еидысларақәа рҭыӡшәа аацәырҵуеит. Аԥсуа-ақырҭуа еибашьра 28 шықәса раԥхьа ишынҵәазгьы, иахьа уажәраанӡа аҩнуҵҟатәи аибашьра ахыԥша нымҵәац ҳәа агәаанагара лымоуп Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Лаҵара 5 азы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ачба ахара ихараҵаны быжьшықәса ҭакрыла ихигарц иқәнаҵеит азеиԥш режим иаҵанакуа ариашаратә колониаҿы, убри аан имазарагьы имхны.
Ауаажәларратә транспорт аусзуҩцәа асанитар–епидемиологиатә цхыраагӡақәа рыла иахьынӡеиқәыршәоу, аҭагылазаашьа уадаҩ ахылаԥшра ахьынӡарзаҭо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҟәатәи автотранспорттә наплакы аиҳабы Леонид Шәлымба.
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ҩымз ҳәа дарбаандаҩит ахҭыс иалахәыз ҳәа ишьоу Аслан Зыхәба, ахԥатәи алахәыла ҳәа ишьоу Гарри Аҩӡба иԥшаара иаҿуп.
Аԥсны аомбудсмен Асида Шьаҟрылԥҳа аӡбарҭаҿы аҳәара ҟалҵеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура уаанӡатәи ахантәаҩы Зураб Марганиа иус иахәаԥшырц АШәМ иатәу аамҭалатәи ауаҩы иаанкыларҭаҿы иҭакыз иқәшәара дахьаԥырхагаз азы.
Сынтәа араса аҽаҩра зеиԥшроу, ахә шышьақәгылоу ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ақыҭанхамҩа аминистрра иатәу ареспубликатә унитартә наплакы "Араса" аиҳабы Абессалом Кәарҷиа.
Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иамшуп. Сынтәа иара иахыҵуеит 29 шықәса. Атәылаҿ ари амш иазку агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа аанкылоуп ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа уадаҩ иахҟьаны.
Адгьыл аҿыбгара ашьҭахь Бзыԥтәи аиҩхааҿы арыцқьаратә усурақәа ирҿуп. Амш аҩныҵҟа иалгоит. Атранспорт аныҟәара аанкылам.
Асабша ԥхынгәы 17 ахәылԥаз Аҳабла ҿыц аҿы аиҿахысра ҟалеит, уи иахҟьаны ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит, аӡәы ахәрақәа иманы ахәшәтәырҭаҿы дышьҭоуп.