Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 18162-ы ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15601-ы, рыԥсҭазаара иалҵит 255-ҩык.
Гагра амшынеисра бааԥс аныҟаз аамҭазы аӡы дҭалеит урыстәылатәи атурист, иара арыжәтә џьбара ыжәны дыҟан.
Гәылрыԥшь араион ахада Аслан Бараҭелиа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит аԥшатлакә араион ианаҭаз ааха атәы.
Амҽыша ԥхынгәы 4 рзы Аԥсны иасыз аԥшатлакәи илеиз ақәаршыҩи ирхҟьаны Аҟәа ақалакь аԥхасҭа аиуит, аҩнқәа рхыбқәа рыхнахит, аҵлақәа каҳаит, афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит.
Аковидҿагыларатә ԥкрақәа инарықәыршәаны ачарақәа рымҩаԥгара аганахьала иҟоу аԥҟарақәа рзы арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит ачара ахьыруа ахыбрақәа руак аԥшәма Ринел Латариа.
Амҽыша ԥхынгәы 4 рзы Аԥсны аԥшатлакәи ақәаршыҩи ахысит. Уи иахҟьаны Аҟәа аԥхасҭа аиуит, аҩнқәа рхыбқәа рыхнахит, аҵлақәа каҳаит, афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит.
Аԥсны АҶА атәыла асасцәеи ауааԥсреи рахь аҳәара ҟарҵоит ацәгәырԥа бааԥс аныҟоу аҟәара иқәымларц, аҽыкәабаразы амшын иҭамларц.
Аԥсны COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵара иалагеит лаҵара 11 рзы. Атәыла араионқәеи ақалақьқәеи рҟны еиҿкаан алаҵаҟаҵарҭатә ҭыԥқәа. Шаҟаҩы алаҵа ҟарҵази, "Спутник V" шаҟа доза аанхази ртәы Sputnik аматериал аҟны.
Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иаауа атуристцәа ПЦР-тест ма алаҵа шрымоу азы асертификат рҭахӡам.
Аԥкракәа ачымазара маҷк иадымхаргьы аанкылара алшома, иабанӡеиқәшәоу аҳтнықалакь ахәшәтәырҭакәа, алаҵаҟаҵара аус шԥамҩаԥысуеи, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа.
Жәлар реизара адепутат, ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма иаҵанакуа апроектқәа алзкаауа акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ҭарба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ирзынашьҭу реиҳарак хадаратәла изызку.
Кәыдры ихыз уаанӡатәи ацҳа ҭабгеит ахәаша ԥхынгәы 2 рзы Кәыдрытәи аиҩхаа Гьанҵәыш ақыҭа иахьаҵанакуа. Аамҭалатәи аныҟәаразы асхема еиҿкаауп.
Аԥсны АҶА атәыла асасцәеи ауааԥсреи рахь аҳәара ҟарҵоит амшынеисра бааԥс аныҟоу аҟәара иқәымларц, аҽыкәабаразы аӡы иҭамларц.