Аԥсуа драматә театр сынтәатәи аԥхынразы ахәаԥшцәа рзы аспектакльқәа рыдагьы, амузыкатә усмҩаԥгатәқәагьы азнархиеит. Sputnik аобиектив аҿы – "Адунеитә классика ашедеврқәа".
Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль "Opera Viva" Аԥсны имҩаԥысит ԥхынгәы 9 рзы, сынтәа уи изкын еицырдыруа италиатәи акомпозитор Џьоаккино Россини, амузыкантцәа иадырҳәон ԥсра зқәым иара иаԥҵамҭақәа.
Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь аҿы иҟаз амшцәгьа иаҳа изнырыз ахырхарҭа, насгьы уи иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥыхра ишаҿу атәы.
Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль "Opera Viva" Аԥсны имҩаԥысит ԥхынгәы 9 рзы, шәахәаԥш Sputnik иҟанаҵаз афотосахьақәа.
Иахьатәи аамҭазы еиуеиԥшым атехнологиақәа рыда ҳхәарҭам, урҭ ауаҩы иусураҿы ма аҵараҵараҿы ихәоит, ииҭаху аинформациа ирҭоит, ихы рылаӡыригоит уҳәа. Аха иҟоуп ари аԥхьацара ахархәашьа ззымдыруагьы. Абри азы лгәаанагара ҳалҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аекономикеи азини ринститут аспирант Давид Арӡынба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҳәынҭқарратә мчра асистема арманшәалара, административ-ҵакыратә еиҿкаара ашьақәгылара шибо атәы.
Ахәыҷы ихаԥыцқәа реизҳашьа бзиахарц, рычаԥашьа ԥшӡахарц азы изықәныҟәоз аԥҟарақәа ртәы аԥхьаҩцәа ирыдылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Сельчук Сымсым даныхәыҷыз инаркны Аԥсны иадҳәалаз аҭоурыхқәа дрызҿлымҳан. Аиҳабацәа анеицәажәоз дтәаны дырзыӡырҩуан. Сельчук ауниверситет даналага, уи инарҵауланы аҭҵаара иҽазикит, иагьиқәманшәалахеит. Ҳџьынџьуаҩ иҟазаратә нысымҩа атәы Саида Жьиԥҳа анаҩстәи ланҵамҭаҿы.
Агазеҭ "Чегемская правда" аредактор хада Инал Ҳашыг арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ҵакыс иамоу иҳәынҭқарратәым амассатә информациатә хархәагақәа рзы аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи ацхыраара.
Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз инамаданы, акоронавирус зыхьуа рхыԥхьаӡара иахьацлаз иахҟьаны, Гәдоуҭатәи аковид-хәшәтәырҭаҿы иаартуп даҽа ҟәшак.
Сынтәатәи афестиваль изкын еицырдыруа италиатәи акомпозитор Џьоаккино Россини, амузыкантцәа иадырҳәон ԥсра зқәым иара иаԥҵамҭақәа.
Амҽыша ԥхынгәы 4 рзы Аԥсны амшцәгьа ҟалеит, аԥшатлакә асит, ақәаршыҩ леит, уи иахҟьаны атәыла араионқәа зегьы аԥхасҭа роуит, Аҟәагьы убрахь иналаҵаны.