Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 19406-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 16008-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 269-ҩык.
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аҳәынҭстандарти 560 маининг-хархәагақәа Очамчыра араион аҿы ирымырхит иҳаҩсыз ҩымш рыҩнуҵҟа, уи ашьҭахь амаининг-хархәагақәа змырхыз анхацәа агәынамӡара аадырԥшит Араду ақыҭан еизаны.
Аԥсны АҶА зышәагаа маҷу аӷбақәа рҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит амшын аҟны агәаҭарақәа иаадырԥшыз атәы.
Ԥхынгәы 12 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигаз аилатәараҟны араионқәа рхадацәа ргәырҽаниҵеит амаининг азы иҟоу аҭагылазаашьазы аҭакԥхықәра дара ишрыдло.
Очамчыра араион аҟны амаинингқәа раҿыхразы иарбан знеишьоу иалырхыз, уи ауааԥсыра ишрыдыркылаз, адҵа анагӡараҿы иарбан уадаҩрақәоу иҟоу ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа.
Урыстәылатәи аҳәса ҩыџьа-ҩыџьала ма гәыԥҩыла еицны ԥсшьара ицоит, Аԥсныҟа дара аауеит амшын иҭаларц, аԥсабара аԥшӡара рбарц, аҭоурых-культуратә ҭыԥқәа ирҭаарц, аҩи амандаринеи ргьама рбарц.
Тҟәарчал ахада Исидор Дочиа арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит акриптофермақәа раарԥшразы араионқәа рхадацәа ирыдло хаҭалатәи аҭакԥхықәразы.
Очамчыра араион гәыԥҩык анхацәа аҩаша ԥхынгәы 13 рзы Араду ақыҭан еизаны уи ауха амчратә усбарҭақәа изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аанкыларазы имҩаԥыргаз агәаҭарақәа рзы агәынамӡара аадырԥшит.
Очамчыра араион ахадара излаарыцҳауа ала, Араду ақыҭан аҿагыларатә акциа ҟалаанӡа мышк аԥхьа амчратә усбарҭақәа имҩаԥыргеит изакәанымкәан акриптовалиута арҳара аанкыларазы агәаҭарақәа.
Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭа аԥхынразы иаԥсҭазаашьоу, аҭыԥантәи ауааԥсыра рхы зланыҟәырго, уи ҽа қыҭак иаламҩашьо изыҟоу уҳәа ирызку авидеонҵамҭа шәзеиқәнаршәеит Sputnik Аԥсны.
"Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" аҵыхәтәантәи ариашарақәа злагалоу азакәан амчра аиуеит 2021 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны. Ахашәалақәа ашәҟәы иҭагалатәуп нанҳәа 1 рҟынӡа.
Аԥсны иалагалоуп асабраданыҟәгара арежим, ауаа раца злахәу аусмҩаԥгатәқәа аԥыхуп иарку ахыбрақәа рҿы акоронавирус иахҟьаны аепидҭагылазаашьа иахҟьаны.
Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҿы еиҭалҳәеит ахылԥарч кавказтәи ашьхарыуаа жәлар рытрадициаҿы ҵакыс иамоу атәы.
Ԥхынгәы 12 инаркны Аԥсны иаанкылоуп Акультура аминистрра иаҵанакуа аусбарҭақәа атәылаҿы ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз иахҟьаны.
Аԥсны аенергетикаҿы иҟоу аҭагылазаашьа ауаажәларра ирызцәырырго ауадаҩрақәа ирылацәажәеит Жәлар Реизара аилак аилатәараҟны.