Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 17643-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15508-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 250-ҩык.
Гәдоуҭа араион ахадараҟны араион ақыҭақәа рнапхгаҩцәеи, ашәарҭадаратә маҵзуреи, азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи алархәны аилацәажәара мҩаԥысит. Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит хадаратәла иззааҭгылаз азҵаарақәа ртәы.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 17488-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15490-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 249-ҩык.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Идҵала Максим Ӷәынџьиа жәларбжьаратәи аусқәа рзы ахада ицхырааҩыс дҟаҵоуп.
Жәлар реизара адепутат Леонид Чамагәуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит афымцанхамҩа аҭагылазаашьа иазкны Апарламент аилак инеиҵыхыз аилатәараҟны лкаас иҟарҵаз атәы.
Ацҳа ахьҭабгаз инеины ирбеит аҟазауаа, урҭ аҭыԥ ҭырҵааит аныҟәара аиҭашьақәыргылара алыршаразы.
1993 шықәса ԥхынгәы 2 рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭа иахьаҵанакуа амшын аԥшаҳәаҟны аԥсуа десант ӡхыҵит. Аибашьра аветеран Ерик Кортаа адесант аӡхыҵра иадҳәалаз ахҭысқәа игәалаиршәеит арадио Sputnik аефир аҟны.
Мадина Бигәааԥҳа лцәыргақәҵа еиднакылоит аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыҩнуҵҟа иаԥылҵаз ҩажәижәаба рҟынӡа акерамикатәи аграфикатәи аусумҭақәа.
Ахысырҭа Ҵабал 400-ҩык Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауааи 60 ак арратә техникеи рылахәуп имҩаԥысуа ахысрақәа.
Рашәара 30 азы Аԥсны аминистрцәа реилазаараҿы абџьари аџьаԥҳани рыла ахәаахәҭреи, аграждантәи, аспорттәи абџьар аахәаразы азин ҷыда абланкқәа рформеи рзы Аԥҟара рыдыркылеит.
2021 шықәса рашәарамзазы уаанӡа планла иарбаз 146,4 миллион мааҭ рцынхәрас 253,2 миллион мааҭ алагала ҟалеит.
Аԥсуаа ҳҿы ана-ара иуаҳауеит "аҳцәа иҭоуп" ҳәа ззырҳәо ачымазара аӡбахә. Уи изакәытә чмазароу атәы алацәажәаразы арадио Sputnik аефир аҿы ргәаанагарақәа еибырҳәеит аҳақьым-апсихиатор Константин Ануеи иара убас уи ачымазара зхызгахьоу, аҳцәа зҭаахьоу Беслан Габелиеи.
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар адҵа ҟаиҵеит аусбарҭа аусзуҩцәа рыҩнуҵҟа азакәан рықәныҟәашьа ахылаԥшра рыӷәӷәазарц, ауаажәларра рҿаԥхьа амилициа раҳаҭыр лазырҟәуа азинеилагарақәа аарԥшлазарц.
Амилаҭтә онкологиатә центр аҳақьым хада, ҽынлатәи астационар аиҳабы, ахимиотерапиа аҟәша амедиаҳәшьа хада рганахьала ашьаус хацыркуп, хараны ирыдырҵоит акьыбачымазара змаз ирызкыз ахимио-гормоналтә хәшәқәа рхатәыртәуан ҳәа.
Қьамал Арӡынба дыршьит лаҵара 18 рзы Аҟәа. Имҩаԥгаз ашьаусԥшаара-оперативтә усурақәа ирыбзоураны лаҵара 19 рзы даанкылан Қьамал Арӡынба ишьра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟоу Баҭал Ԥлиа. Иара ҩымз ҳәа дырбаандаҩуп.