Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 18341-ы ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15640-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 256-ҩык.
"Амшынеиқәафымцамч" Гәылрыԥшьтәи афилиал аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алхас Коӷониеи Ҷлоу ақыҭаҟны афымцалашара ахәԥса ылзго Лиудмила Канҭариаԥҳаи арадио Sputnik аефир аҟны еиҭарҳәеит афымцалашара ахә ахшәааразы аҭагылазаашьа шыҟоу.
Санкт-петербургтәи аԥсшьаҩы Тамара Молчанова хҩык лхәыҷқәа лыманы аӡиас Бзыԥ аҿы лҽылкәабарц лыӡбеит иара амшын иахьалало аҭыԥ аҿы, аха иахьҭалаз аӡы иаманы идәықәлан, амшын ахь иагеит.
Аԥсны Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр аҳақьымцәа харас ирыдырҵоит акьыбачымазара змаз рпациентцәа рыхәшәқәа хыԥхьаӡара рацәала ирыҵарӷьычуан ҳәа.
"Амшынеиқәафымцамч" Тҟәарчалтәи афилиал аиҳабы Вахтанг Харчлаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион аҟны афымцалашара ахә ахшәаара аганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Аҟәатәи агәам Гал араион Шьашьикәара ақыҭахь иргоит 2019 шықәса мшаԥымза аахижьҭеи, Алашарбага аҳабла анхаҩцәа аҳҭнықалақь агәамсамкаԥсарҭа арктәуп ҳәа аҿагыларатә акциа анымҩаԥырга ашьҭахь.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Аԥсны акоронавирус зыхьхьоу рхыԥхьаӡара 18 нызқь иреиҳахеит. COVID-19 злоу ачымазцәа рыҭҵаарақәа зегьы аҳәынҭқарра ахарџь ала ахә ахнашәаауеит.
Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа Гагратәи аконсултә пункт аус ауеит аԥхынра, урыстәылатәи аҳәааныцрәтә тәылауаҩшәҟәқәа рыҭареи рыԥсахреи, иара убас урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа ацхыраара рыҭареи рзы.
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа арадио Sputnik арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҟны еиҭалҳәеит ацәажәараан ҳхы иаҳархәаша еиуеиԥшым аилкаарақәа азырбо ажәақәак рҵакқәа ртәы.
Атуристтә маҵзура TVIL.RU иеилнакааит ҭырқәтәылатәи аԥсшьарҭақәа анаадырт ашьҭахь урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа рыԥсы ршьар еиҳарак иахьырҭаху аҭыԥқәа, 2021 шықәса рашәара 22 инаркны нанҳәа 31 рҟынӡа иҿарҵахьоу анхарҭақәа рзы адыррақәа шьаҭас иааганы.
Сынтәатәи афестиваль изкуп еицырдыруа италиатәи акомпозитор Џьоаккино Россини, иадырҳәараны иҟоуп ԥсра зқәым иара иаԥҵамҭақәа.
Аҳақьым–ареаниматолог Алмас Бганба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит апандемиа аамҭазы ачымазараҿкы аҿагыларазы иҟоу аԥкрақәа дышрыхәаԥшуа, Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Иахьатәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы акоронавирустә инфекциа рыланы аҽыхәшәтәра иаҿуп ачымазцәа 101-ы, урҭ рахьтә 30-ҩык инареиҳаны рҭагылазаашьа бааԥсуп.
15 шықәса зхыҵуа аԥсуа боксиор Саир Каҷараа Европа Аԥхьахә агаразы аиндаҭлараҿы дықәгылоит Урыстәылатәи еизгоу акоманда далахәны.
Ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" ала Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра ҟалоит асааҭ 9:00 инаркны 19:00-нӡа. Иҭало зегьы ргәабзиара агәаҭаразы амедицина-санитартә хылаԥшра иахысроуп.