Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 21061-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 16763-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 289-ҩык.
Премьер-министр России Михаил Мишустин поручил МВД, Росгвардии, ФСО и ФСБ России обеспечить безопасность при проведении главного военно-морского парада в Санкт-Петербурге.
Читать дальше...Аԥсны Аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Қарчаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит азыҟаҵаҩцәа рҿаԥхьа иқәгылоу адҵақәа ртәы.
Аишәеи арыжәтәи ирыхҳәаау жәлар разгәаҭарақәак ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Раиса Погорелаиа, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба имаӡаныҟәгаҩ, 77 шықәса лхыҵуан, ааигәа акоронавирус лыхьит.
Риҵатәи амилаҭтә парк 2021 шықәса актәи азыбжазы 1996 шықәса абри аамҭа иаҿырԥшны арекорд шьақәнаргылеит ҭаарала.
Урыстәыла актәи аканал аҿы еиҿкаау ателехәаԥшратә гәыҳалаларатә олимпиада "Умницы и умники" аԥснытәи аҵаҩцәа алахәхара шрылшо, иарбан ԥышәарақәоу урҭ зхысуа атәы еиҭеиҳәеит Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ауаажәларра рымадараз аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
Аԥсны АҶА рдыррақәа рыла, 2021 шықәса ҳааҭалазар аахыс Аԥсны амшынӡқәа рҵакыраҿ 12-ҩык ӡааҟәрылахьеит.
Аԥсшьаҩцәа иаҭахыз амедицинатә цхыраара рырҭеит, ирылабжьеит амшын аҿы ианыҟоу ахымҩаԥгашьа шаҭаху азы.
Аԥсшьаразы анхарҭа ҭыԥқәа рҿаҵаразы амаҵзура TVIL.RU аҿы еилыркааит 2021 шықәса нанҳәамзазы амшын аԥшаҳәаҿы ԥсшьара уцар ахьалшо.
Риҵатәи аҳәырԥсарра иахьаҵанакуа Аӡиа иаҵәа азааигәара амшцәгьақәа ирыхҟьаны ахәаша ԥхынгәы 23 рзы адгьыл ҳәазеит.
Ахыцуаа ргәыԥ "Афырхы" ахада Адгәыр Какоба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҭоурых змоу аспорт хкы иахьа иамоу аларҵәара зеиԥшроуи уаҵәы иаԥеиԥшхои ртәы.