Ҭырқəтəылатəи Ареспубликаҿы иҟоу Азинмчра нагӡа змоу Аҧсны Аҳəынҭқарра ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа дырзааҭгылоит 2018-тəи ашықəс алкаақəа.
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистр Беслан Дбар арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы 2018-тәи ашықәс азы иалкааз аусқәа ртәы еиҭеиҳәеит.
Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа илгәалалыршәоит лхәыҷра аамҭақәа рзы аԥсуа қыҭаҿы Ашықәс ҿыц аныҳәа гәырӷьарыла ишазгәарҭоз.
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит сынтәа акциа "Уҵаа Бабадуха!" шымҩаԥысыз.
Аҩбатәи акласс аҿы аҵара зҵо Иалса Аҭрышԥҳа лнапҟазара атәы ҳзеиҭалҳәоит ажурналист Сырма Ашәԥҳа.