Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аусзуҩ Шандор Ҟаитан арадио Sputnik аҟны иҳәеит Гал араион иҟоу абаҟақәа ишахәҭоу иҭҵаазар, рыхьчра иаҳа имариахон ҳәа агәаанагара шимоу.
Аҿартә театр ахәбатәи асезон злаадыртуа аспектакль ахәаԥшыҩцәа ишрыдыркыло ҳхаҭа уамашәа иаҳбоит ихәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы атеатр адиректор Аслан Еныкь.
Аӡәгьы изы имаӡаӡам аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ақыҭауаа рынхамҩа аныҟәгара уаанӡеиԥш агәцаракра шамам, уимоу ақалақьқәа рахь нхара еихазгьы рацәаҩхеит. "Ақыҭа малуп" ҳәа ианыԥхьаӡаз аамҭақәа ирхаану ажурналист Лиудмила Сергьегьиаԥҳа (Ҷықьԥҳа) иаҳзеиҭалҳәеит, даныхәыҷыз лаб Мсураҭ Џьыҟә-иԥа Бармышь ақыҭан анхамҩа шныҟәигози, уи иацыз аџьабааи ртәы.
Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә культура ҭынха ахьчареи рминистрра аспециалист хада Адамыр Гәынба арадио Sputnik аефир аҟны ашықәс азы аҳәынҭқарра аҩныҵаҟа имҩаԥыргаз апроектқәа реихшьаала ҟаиҵеит.
Асабшаҽны адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны иалацәажәон Аҟәа ақалақь ахада иалхразы ареферендум амҩаԥгара ицәырнаго азҵаарақәа. Асасцәа: азиндырҩы, адукат Арифа Аӡынԥҳа, ашәҟәыҩҩы Дырмит Габалиа.
Анапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҟны аиааира згаз акоманда ахәмарҩы Гәыдиса Адлеиба арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ изеиҭеиҳәеит ахәмаррақәа ирылахәыз, нас урҭ шымҩаԥысыз.
Асахьаҭыхратә ҟазара аспециалитет 5-тәи акурс астудент Зарифа Анқәабԥҳа еиҭалҳәеит аҟазарахь лааира шыҟалаз, асахьаҭыхра лыԥсҭазаараҿы ҭыԥс иннакыло, насьы дызҿыԥшуа аҟазацәа зусҭцәоу. Аиҿцәажәара мҩаԥигеит Аинар Ҷыҭанаа.