Аԥсуаа рцәамаҭәаҿы ахҭарԥа иамоу аҵакыи, аҿаҳәашьа иацу акәамаҵамарақәеи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа.
Аиааира 25 шықәса ахыҵра инамаданы, Гагра араион Ахадараҿы абиԥарақәа рахь ааԥхьара аамҭа акапсула шьҭарҵеит.
Иахьа иҧсы ҭазҭгьы ашəҟəыҩҩы Леонти Лабахəуа ихыҵуазаарын 107 шықəса. Апоет иҧсҭазаареи ирҿиаратə мҩеи игəалаиршəоит алитератураҭҵааҩы, акритик, апублицист Руслан Қапба.
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳаҩсуа ашықәс аихшьаалақәа ҟалҵеит.
"Роскачество" аҟазауаа еиҭарҳәеит урыстәылатәи аџьармыкьақәа рҿы мандарина хкқәас иҟоу, урҭ иреиӷьу ралхшьа.
"Алашарахь амҩа сықәуп" ҳәа хьӡыс измаз апоет Дырмит Габалиа ихәылԥаз хәышықәсатәи ирҿиара аихшьаала азыҟанаҵеит. Иара шьақәгылан ҩ-хәҭакны: аграждантә лирикеи абзиабаратә лирикеи рыла. Насгьы ари ахәылԥаз иаиуит даҽакы иаламҩашьо ахатәы ҟазшьа ҷыда.
Ԥхынҷкәын 25 рзы Москва имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә ҿиараз аусеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара.
Аԥсныи Шьамтәылеи рхадацәа Дамаск ақалақь аҿы рнапы аҵарҩит аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра. Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын цәыббра 4 2018 шықәса рзы.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара асоциал-економикатә ҿиаразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара мҩаԥысит Москва, ԥхынҷкәын 25 рзы.
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба абҵара 27 2018 шықәса рзы инапы аҵеиҩит аусԥҟа Аҟәатәи ақалақьтә еизара аҳҭнықалақь ахада бжьыҭирала иалхразы ирыдыркылаз аӡбра аԥыхзарц.