Аҟәатәи ахԥатәи абжьаратә школ арҵаҩы Маиа Шәқьериаԥҳа адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны далацәажәеит иаԥсыуам ашкол аҟны аԥсуа бызшәа дырҵара аҭагылазаашьа.
А-X-тәи ашәышықәса иаҵанакуа Бзыԥҭатәи аныхабаахь, ҳтәылауаа рнаҩс Аԥсны иаҭаауа асасцәа мҩахыҵуеит. Архитектуратә баҟеи, изгәылаку аԥсабареи дарбанзаалак доуҳала дахәшәтәуеит, иԥсы инаршьоит. Иԥшьоу аҭыԥ аҟны иҷыдоу аҭагылазаашьа аԥҵоуп. Аныхабааи, акәша-мыкәшеи есқьынагьы ицқьоуп, џьара быбыцк каршәны иубом. Уи зыбзоуроу, ари абаҟеи, аҵакыреи хатәгәаԥхарала ирхылаԥшуа Бзыԥҭа ақыҭанхаҩы Роман Канџьариа иоуп.
Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахада, ателеканал "Абаза" адиректор хада Руслан Ҳашыг аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ԥшьышықәса ахыҵра аҽны иазгәеиҭеит еихьӡараны ишибо агентра аартра.
Ахәыҷтәы арҿиаратә центр аиҳабы Рамин Ратиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит рцентр иаҭаауа аус рыдулараҟны разнеишьақәа, ахәыҷы иҟыбаҩ ааирԥшырц азы арҵаҩы иааникыло аҭыԥ.
Аԥсуаа ишазгәарҭо ала ахцәы, ма даҽакала иуҳәозар, ахахәы амагиатә мчы зцу, еиҷаҳарыла изызныҟәатәу акы акәны иазырԥхьаӡоит. Избан акәзар, ауаҩы имч – илша, иԥсы, ахцәы иалоуп рҳәоит.
Аҧсны аҭҵаарадыррақəа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа дазааҭгылеит академиа аусуреи, аихьӡарақәеи ртәы, иара убасгьы ҳазҭоу ашықәсазы русура аихшьаала ҟаиҵеит. Аиҿцәажәара анылҵеит Cырма Ашәԥҳа.
Ҭырқәтәыла Сақариа иҟоу аԥсуа культуратә центр анапхгаҩы Орал Бганба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит Сақариа ҳдиаспора ираҳҭнықалақьны изииԥхьаӡо атәы.