Уаанӡа напы аҵаҩын иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны аҵакыраҿы инхо Урыстәыла атәылауаа Урыстәылатәи амедицинатә усҳәарҭақәа рҿы аԥгаԥса ҵаҵӷәыс иаҭаны хәыда-ԥсадатәи амедицинатә цхыраара рыҭаразы аиқәшаҳаҭра.
Аурыс драматә театр аҿы имҩаԥысит ақәыргыламҭа "Ҳаџьы-Мураҭ" апремеира аԥхьатәи арбара. Лев Толстои еицырдыруа иповест "Ҳаџьы-Мураҭ" раԥхьаӡа акәноуп асценахь ианыигаха. Апремеира аԥхьатәи арбара иахәаԥшыз аԥсуа драматә театр актиор Ҭеимыраз Чамагәуа ақәыргыламҭаз игәаанагара иҳәеит.
СССР ачемпион Владимир Радионов игәалашәара иазку зхы иақәиҭу ақәԥаразы IV-тәи атурнир мҩаԥысит Санкт-Петербург, ԥхынҷкәын 14-16 рзы.
Зықьҩык инарзынаԥшуа Урыстәылеи Аԥсныи рыруаа, 200 цыра рҟынӡа арратә техника алархәны аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.
Ашьапылампыл абзиабаҩ Даур Хәараа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иазгәеиҭеит ашьапылампыл егьырҭ аспорт хкқәа реиԥш аҿиара аҭахуп ҳәа.
Аԥсышәала раԥхьатәи мҽхакыҭбаалатәи онлаин-диктант амҩаԥгара аҵаки, нас уи зхы алазырхәыз рхыԥхьаӡара - абызшәа апроблема згәы иҵхаҵәҟьо шырацәаҩым шаршаҳаҭуеи атәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Ашьапылампыл азы афедерациа аусзуҩ Денис Харчлаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит игәаанагарала Аԥсны ашьапылампыл аҭагылазаашьа аиӷьтәаразы иҟаҵатәу.