Аԥсуа жәлар рмилаҭтә арҳәагақәа иахьазы азҿлымҳара ахьынӡарымоу, урҭ рахь агәыбылра изыркыз арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа рыла ишьақәгылоу аҳәынҭқарратә оркестр асахьаркыратә напхгаҩы Денис Арухаа.
Аԥсуа жәлар рмилаҭтә арҳәагақәа иахьазы азҿлымҳара ахьынӡарымоу, урҭ рахь агәыбылра изыркыз арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа рыла ишьақәгылоу аҳәынҭқарратә оркестр асахьаркыратә напхгаҩы Денис Арухаа.
Ианакәызаалак, аҭаацәа рыхшара ринтересқәа ҭҵааны, ирыцклаԥшны ирзыркуеит еиуеиԥшым аҽазыҟаҵарақәа: аспорт, акәашара, амузыка, асахьаҭыхра уҳәа. Иахьа зыӡбахә ҳҳәо быжьшықәса зхыҵуа Дамеи Чуаз илаз асахьаҭыхратә ҟазара машәыршақә ауп ишааԥшыз. Ахәыҷы инапы иҵҵхьеит 50 инарзынаԥшуа асахьақәа.
Агәыҳалалратә фонд "Азҳара" ацхантәаҩы, Жәлар реизара адепутат Леонид Чамагәуа арадио Sputnik аҟны афонд аусура алҵшәақәа дрылацәажәеит.
Аԥсуа ҭаацәараҿы Ашықәс ҿыц аԥылара рыҽшазыҟарҵо, уи аныҳәа иазкны ирымоу азгәаҭарақәеи анылҵеит афольклорист Есма Ҭодуаԥҳа Тҟәарчал ақалақь инхо Нуну Дарсалиа-Лакашьиа лҟны.
Аԥснытәи аԥсабара шәаԥыџьаԥла ибеиоуп. Ауаҩы абнараҟны ҽнак хәлаанӡа даанхаргьы иифаша, иижәша иԥшаауеит. Ус шакәу хаҭала иԥысшәеит иҳаҩсыз аԥсшьарамшқәа раан Мысра, Амбара ҳәа изышьҭоу аҭыԥ ԥшӡаҟны сҩызцәа сыманы ныҟәара саныҟаз.
Ганрацәала арҿиаратә баҩхатәра злоу, Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь дааны, араҟа аҵара зҵо, нхара ҳәа аангыларагьы згәы иҭоу арԥыс Кадыр Тәанба диҿцәажәеит Sputnik акорреспондент Сырма Ашәԥҳа.
Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба арадио Sputnik аҟны иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рдипломқәа Аԥсныи Урыстәылеи наҟ-ааҟ разхаҵара атәы далацәажәеит.
Шьыжьы ҳгыланы досу ҳусқәа рышҟа ҳандәықәло, асаркьа ҳнаныԥшылоит, иҳагу-иҳабзоу гәаҳҭарц. Уи традициак иаҩызахахьеит. Уимоу, аҭыԥҳацәа ҽырбаҩцәа ршәыра иҭамзарц ҟалом изныԥшылаша саркьа ԥшӡа хәыҷык. Асаркьа иадҳәалоу аԥсуаа разхаҵарақәак Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Ахәыҷқәа рааӡаразы аҭакԥхықәра здыда - ашкол акәу, аҭаацәа ракәу? Абри азҵаатәазы лгәаанагарала лҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аусзуҩ, хҩык ахшара ран Илона Кәыҵниаԥҳа.