Сааӡамҭацәа риааира сазыԥшын иҳәеит арадио Sputnik аҟны Гәдоуҭатәи Риҵа ашьапылампыласыҩцәа қәыԥшцәа разыҟаҵаҩ Рафаель Багаҭелиа. Арҭ амшқәа рзы Аҟәа имҩаԥгаз Варлам Лакрба ихьӡ зху есышықәсатәи ашьапылампылтә турнир аҟны Гудоуҭатәи "Риҵа" ашьапылампыл асыҩцәа қәыԥшцәа актәи аҭыԥ ааныркылеит.
Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ииубилеи шазгәаҭахо.
Урыстәылатәи атәанчахәы змауа Аԥсны атәылауаа ртәанчахәы ацҵаразы апарламент аҟны иҟаиҵаз ажәалагала далацәажәеит арадио Sputnik аҟны Жәлар реизара адепутат Леонид Чамагәуа.
Ажуранлист Оҭар Лакрба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит ашьапылампыл асраҟны аихьӡарақәа змаз, аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз, Леон иорден занашьоу Варлам Лакрба инысымҩа зеиԥшраз.
Хшыҩла аицлабра Очамчыратәи аспорткомплекс "Жемчужина" аизаратә зал аҟны имҩаԥнагеит аҿар реилазаара "IQan". Иара рхы аладырхәит Аҟәантәи, Галынтәи, Очамчырантәи 27 ҩык ашколхәыҷқәа.
Пхынҷкәын 10 рзы адунеи атәылақәа жәпакы рҟны традициала иазгәарҭоит ашьапылампыл амш. Абри аҽны ишәыдаагалоит ашьапылампыл абзиабаҩцәа ируаӡәку Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа ари аспорт хкы иадҳәалоу ихәыҷтәы гәалашәарақәа. Зегьы шьҭрала ҳхәыҷраҟынтә ҳаауеит шырҳәо еиԥш, ашьапылампыл ду ахь уназго амҩагьы ахәыҷраҟноуп иахьалаго.
Жәларбжьаратәи акинофестиваль "Arctic open" аҟны иӡырган аԥсуа режиссиор Инар Нарманиа зметраж кьаҿу ифильм "Махаз сыхьӡуп". Афестиваль мҩаԥысуан Архангельск, ԥхынҷкәын 6-9 рзы.