Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг Аҟәа имҩаԥигаз абрифинг аҟны иҳәеит иааиуа ашықәс алагамҭазы аидгыла иалоу ажурналистцәа рнапхгаҩцәа адԥхьаланы, алхрақәа раан аусура инадҳәаланы аицәажәара мҩаԥыргараны ишыҟоу.
Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ҿыц иалалаз, ажурнала "Алашара" аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ Альбина Анқәабԥҳа Sputnik акорреспондент даниацәажәоз илҳәеит аԥсуа журналистика аҟны аҭҵаара знапы алазкыша, аналитика ҟазҵо аҿарацәа цәырҵыр шылҭаху.
Аԥснытәи аҳауагәаҭаҩцәа иаарыцҳауеит Ашықәс ҿыц аныҳәа ауха ақәа ауеит, иалшоит ақәабаа-сабаа леир ҳәа.
Апроект "Ахьӡ архынҳәра" иалахәу Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥш арратә ҵараиурҭа акурсант Леон Минџьиа арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны хабарда ибжьаӡыз рҭаацәа ишырхамшҭуа.
Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рҟазаразы жәларбжьаратәи аиндаҭлара "Аиааирагаҩцәа реицлабра" мҩаԥысраны иҟоуп Санкт-Петербург, ажьырныҳәа 4 - 9 рзы.
Аԥснытәи ажурналистцәа имҩаԥыргаз абрифинг аҿы аидгыла анапхгаҩы Руслан Ҳашыг далацәажәеит 2019 шықәса рзтәи рыгәҭакқәеи рыпланқәеи, аидгыла алахәыла ҿыццәа аршаҳаҭгақәа рыҭан.
Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥштә арратә ҵараиурҭа аиҳабы, акаԥдан Беслан Кәыркәынаа арадио Sputnik аҟны далацәажәеит апроект "Ахьӡ архынҳәра" Аԥсны амҩаԥысшьа.
Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистрра адыррала, Аԥсны атуристтә маршрутқәа рхыԥхьаӡара есышықәса иазҳауеит.
Гагра араион, Цандрыԥшь аҳабла фымцалашарада иаанхеит ԥхынҷкәын 26 рзы авольтҳарак цәаҳәа "Холодная речка" аҿы иҟалаз авариа иахҟьаны.
Очамчыратәи РОВД аусзуҩцәа абџьар рхы иадырхәеит амашьына аԥсҟы зкыз даангыларц анидырҵа ашьҭахь дахьаанымгылаз азы ԥхынҷкәын 11, 2018 шықәса рзы.
Sputnik акорреспондент иҭылҵааит Аҵаа бабадуи Асҭыԥҳаи аныҳәа ауха рааԥхьара шаҟа иузтәо.