Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрреи Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистрра адепартамент анапхгареи аҵиаақәа рыхьчаразы инагӡатәу аусқәа рзы аилацәажәара мҩаԥыргеит. Сынтәа, амармалташьтә пты иаҿагыланы ақәԥаразы иазԥхьагәарҭаз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба.
Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы аҳәаа закәаншьаҭада аҭаҭын аалыҵ ахыгаразы ԥшьынтә аҽазышәара ҟаҵан.
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрреи урыстәылатәи рколлегацәеи аилацәажәара рыман ақыҭанхамҩатә усқәа рганахьала.
Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Москва имҩаԥысуаз Урыстәыла асахьаҭыхыҩцәа реидгыла хәышықәсатәи аусура аихшьаала иазкыз аизара ду аҟны иаликааз, иара убас уа иеиҿкааз ацәыргақәҵаҟны иусумҭа шӡыргаз.
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрреи урыстәылатәи рколлегацәеи ааԥынтәи адгьылтә усурақәеи аԥырхага ҟазҵо ахәаҷа-маҷа ақәгареи ирызку азҵаарақәа рганахьала аилацәажәара мҩаԥыргоит.
2019 шықәса жәабран 1 азы ашьышьмаҭраҿы аԥҳәыс ахшара длоун, дкалыжьит.
Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҩбатәи аикәшара мҩаԥысуеит хәажәкыра 6 инаркны мшаԥымза 28 рҟынӡа.
Аҵарауаҩ Валери Бигәаа арадио Sputnik аефир аҟны ааԥынра иаҵанакуа аамҭа, сынтәа хәажәкырамза амч анаиуа уҳәа азҵаарақәа дрылацәажәеит.
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара мҩаԥысит аԥшьаша, жәабран 28 рзы.
Аԥсны ахаҭарнакс Ҭырқәтәыла ҩажәа шықәса инарзынаԥшуа иҟаз Владимир Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит ҳҳәынҭқарра ахаҭарнакра уаҟа аартра аҵакы.
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҿы аус зуа аграждантә усзуҩцәа руалафахәцҵа аамҭа-аамҭала ашьҭыхра аграфик Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы ирыднагалеит аминистрра.
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара "Аусуразы аршаҳаҭгашәҟәқәа рформа ашьақәырӷәӷәареи, ахарҭәаара аԥҟареи, аҵәахреи рзы" ақәҵара аднакылеит.