Агәыҳалаларатә фонд "Ашана" жәларбжьаратәи апроектқәа наԥхгара рызҭо Есма Ҳагԥҳа еиҭалҳәеит арадио Sputnik аҟны Москва имҩаԥгахо агәыразратә концерт аҟны еизгахо аԥара зыхәшәтәра иазкхо ахәыҷы дарбану, уи иалахәхо ртәы.
Жәларбжьаратәи аусеицура аԥснытәи Афонди урыстәылатәи аекологиатә еилазаареи хәажәкыра 21 рзы рнапы аҵарҩит аекологиатә усеицуразы Аиқәшаҳаҭра.
Украина асанкциақәа аланагалеит 294 иуристтәи 848 хатәхаҿи рганахь ала. Абри асиахь иаҵанакит Донбасс имҩаԥысуаз алхрақәа рҿы наԥшыхәҩыс иҟаз Аԥсны атәылауаа хҩык.
Хәажәкыра 21 азы адунеи аҿы иазгәарҭоит Жәларбжьаратәи апоезиа амш. Амилаҭтә литератураҿы апоезиа аҵаки, уи амш аԥсуа поетцәа ишазгәарҭои ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу.
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба 61 шықәса ихыҵра изгәеиҭоит хәажәкыра 21 рыҽны.
Аԥшьаша, хәажәкыра 21 рзы Аԥсны ахада Москва имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аконференциа "Ҟрым ҳаамҭазтәи агеополитика - "Ҟрымтәи ааԥын" 5 шықәса" алахәылацәа ашәҟәы рзынеишьҭит Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба.
Арҵаҩы Лариса Хаҳәбиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы илҳәеит ахәыҷы иԥсшьараамҭа иишан аиҿкаара акырӡа шаҵанакуа атәы.
Украина асанкциақәа аланагалеит 294 иуристтәи 848 хатәхаҿи рганахь ала. Абри асиахь иаҵанакит Донбасс имҩаԥысуаз алхрақәа рҿы наԥшыхәҩыс иҟаз Аԥсны атәылауаа хҩык.
Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа хәажәкыра 20 рзы "Аҳәынҭқарратә баџь азы" азакәан аԥсахрақәа аларгалеит.
2018 шықәса аҩныҵҟа Урыстәылатәи амедицинатә усҳәарҭақәа рҿаԥхьа Аԥсны ауалқәа идыртәоит 30 миллион мааҭ.
Иван Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара ареспубликатә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашәаҳаратә еицлабра "Аҿар рыбжьы" аԥҟара хада атәы.
Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә базаҿы аррамаҵзура иахысуа рхыԥхьаӡара ииасыз ашықәс иадкыланы уахәаԥшуазар 30% еиҳахеит.
Аԥырҩы дызҭам аԥрыгақәа рхархәара иалнаршеит ахықәкқәа рҭархара еиҳа рырманшәалара.