Гәдоуҭа араион аҿы иҟоу амеханизациатә станциа аҟәша анхацәа рыдгьылқәа рыцәаӷәара иахьынӡазыхиоу, урҭ техникалеи, былтәылеи реиқәшәареи уҳәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион амеханизациатә станциа аҟәша аиҳабы Лавренти Сақаниа.
Владислав Арӡынба изку иреиӷьу абаҟа аԥҵаразы аицлабра рылаҳәазар ауеит мшаԥы 1, 2019 шықәса иахымгакәа.
Жәларбжьаратәи аконференциа "Ҟрым ҳаамҭазтәи агеополитикаҿы - Ҟрымтәи ааԥын 5 шықәса ахыҵра" мҩаԥысит Москва, хәажәкыра 21 рзы.
Иахьа Гәдоуҭа ақалақь аҿы иаадыртит амбулатортә пункт, уи арԥҳачымазара аҿагылара иазырхоуп. Арԥҳачымазара аҿагыларазы амбулатортә пункт аартра шалыршахаз Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Гәылрыԥшь араион арԥҳачымазаратә хәышәтәырта аҳакьым хада Џьумбер Гоԥиа.
Ари амш Амра аныҳәа иазкуп уҳәар ауеит. Жәытәла уи гәырӷьарала, еиуеиҧшым ахәмаррақәа мҩаҧго ишаҧылоз, амра акульт ажәларқәа жәпакы рҟны аҵак ду шамоу уҳәа ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуа.
Аладатәи арратә округ акомандаҟаҵаҩ, аинрал-полковник Александр Дворников идҵала афлоти авиациеи алархәны абаталионтә гәыԥқәа "реиҿагылара" мҩаԥган.
Ишԥаҟоу аҭагылазаашьа Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы, ирацәаҩума ахьҭа зланы инарго ахәыҷқәа, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьопуа.
Ахацәа рыбжьара зых иақәиҭу ақәԥараз Урыстәыла Ацентртә федералтә округ ачемпионат мҩаԥысуан Воронеж, хәажәкыра 19-21 рзы.
Украина 294 иуристтәи 848 хазхаҿи рганахьала асанкциақәа аланагалеит. Абри асиахь иаҵанакит Донбасс имҩаԥысуаз алхрақәа рҿы наԥшҩыс иҟақәаз Аԥсны атәылауаа хҩык.
Абокс азы Урыстәыла аԥхьахәгара мҩаԥысуан Анапа, хәажәкыра 16-22 рзы. Аиндаҭлара иалахәын 200-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа.