Амилаҭҭә сахьаҭыхратә галереиа аиҳабы Сурам Сақаниа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит акыр шықәса раԥхьа ирзалхыз ахыбра иахьа уажәраанӡа ҵәымыӷкгьы адҵам ҳәа. Аҳәынҭқарратә сахьатә галереиа аԥҵоижьҭеи иахьа 55 шықәса ҵит.
Очамчыра араион амашьына–трактортә станциа аиҳабы Виачеслав Шьоуа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ааԥынтәи аусурақәа иахьынӡарзыҟаҵоу.
Аԥсуа хәышҭаара ахаареи уи иадҳәалоу аҵасқәаки ртәы лматериал аҟны дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аӡыргаразы аспециалист хада Арифа Қапԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ргәалашәаразы сынтәа имҩаԥгахо аконцерт иалахәхо зусҭцәоу, нас уи ахықәкы атәы.