Аԥсуа қыҭақәа рҿы ацәгьоурақәа рыҿиара амзыз хадақәа иреиуоуп аусурҭатә ҭыԥқәа рыҟамзаара, ақыҭауаа анаплак маҷқәа аадыртыртә аҭагылазаашьақәа ахьрымам ҳәа азгәеиҭеит адырраҭара «Коӷониаԥҳа лымҩаду» аҟны Аҷандара ақыҭа ԥасатәи ахада Витали Џьениа.
Изыҿиазеи акриминал аԥсуа қыҭақәа рҿы, авба зҭатәыда уи азы? Аҭаацәа ахшара рааӡара хырҩа азыруама, аҳәынҭқарра амч кәадахама? Абарҭ азҵаарақәа рзы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны игәаанагара иҳәеит Ҷлоу ақыҭа ахада Аслан Сангәлиа.
Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ақалақь иаԥну аԥсуа қыҭа Калдахәара (Балбалы) инхо Ҭохәсуаа рҭаацәара рыӡбахә ззымдыруа дыҟам. Аиаҳәшьцәа Едеи Ҳаџьари аҭаца лҩычага аиқәыршәараҿы рыкәша-мыкәша ирыцназго дыҟам, рашьа Олгун иакәзар, ацәгьеи абзиеи раан ачысҟаҵаҩыс даарыԥхьоит.
"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иҳәеит афонд абиуџьет шаҟа артәо, уи аус ацызуо аилахәрақәа шаҟа аларгало, иара убас уи ҳауаажәлар рзы ҵакыс иамоу ртәы.
Емель Фаҳреҭҭин-иԥҳа Хагәышьԥҳа даныхәыҷыз аахижьҭеи Аԥсны аӡбахә лаҳауан, аха макьана лџьынџьдгьыл ахь дзымаацт. Сынтәатәи аԥхынра Емель ҿҳәарас иазԥылҵәеит Аԥсны аҭаара, лдацқәа ахьынтәаауа Калдахәара ақыҭа абара.
"Ҳаамҭазтәи аилазаара мыцхәы шәыга рацәала "иҷашәшәуп", еиҳаракгьы аҭыԥҳацәа ртәы ҳҳәозар. Ҳара хықәкыла иааҳарԥшырц иаҳҭаху ашәыгақәа рыԥшӡара акәӡам, иԥсабаратәу аԥшӡара ауп" ҳәа игәы иаанагоит ААУ аҟазара аҟәша 4-тәи акурс астудент Давид Симониа.
Хәажәкыра 4 рзы Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь диижьҭеи 70 шықәса ҵуеит.
"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аԥҵоижьҭеи иҵит ԥшьышықәса. Убри инамаданы Сырма Ашәԥҳа диҿцәажәеит афонд ахада Сонер Гогәуа.
Фазиль Искандер изкыз жәларбжьаратәи астолгежь мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны. Иахьа иԥсы ҭазҭгьы, хәажәкыра 6 рыҽны Фазиль Абдул-иԥа 90 шықәса ихыҵраны дыҟан. Иара иԥсҭазаареи ихаҭареи ирызкыз аиԥылараҿы ирылацәажәеит азеиԥшуаажәларратә ҷыдарақәа амилаҭтә хаҿала ишааирԥшуаз уҳәа ашәҟәыҩҩы ирҿиара аҷыдарақәа.
Хәынҵариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә оркестр алахәыла, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет адизаини аграфикеи рҟазаратә ҟәша астудентка Радима Џьыкырԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит жәлар рмузыкатә арҳәагақәа рахьынтә иаҳа лгәы зызцо, уи ахьӡ аҵакы, ажәытәан еиҳарак ианадырҳәоз уҳәа ртәы.
Апроект "Ахьӡ архынҳәра" аҳәаақәа ирҭагӡаны ихаҭара шьақәыргылоуп Виктор Константин-иԥа Канџьариа.