Гал араион аҿы аԥсшәа арҵара апроцесс шымҩаԥысуеи, уи азҵаатәы иадҳәалоу ауадаҩрақәеи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәаанагара иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас Галтәи абжьаратә школ №2 адиректор Ахра Кәакәасқьыр.
Аԥсны Жәлар рартист, СССР Акомпозиторцәа реидгыла алахәыла, Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Леон иордени "Ахьӡ- аԥша" III аҩаӡара аордени занашьоу Тото Аџьапуа 80 шықәса ихыҵит иахьа.
Аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҳауеи аӡқәеи рыҟәша азҟаза хада Лариса Ахԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аҟны еиҭалҳәеит аҳауатә ҭагылазаашьазы аилкаа шроуа, азгәаҭақәа шыҟарҵо. Хәажәкыра 23 рзы Аметеорологцәа адунеизегьтәи рымш азгәарҭоит.
Аԥсны Жәлар рартист, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡареи Леон иордени занашьоу, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, СССР Акомпозиторцәа реидгыла алахәыла Тото Аџьапуа 80 шықәса ихыҵит. Аҟазараҿы раԥхьатәи ишьаҿақәа игәаларшәо, иара дрыхцәажәеит аԥсуа ашәа агәыбылра изыркыз аҭагылазаашьеи ауааи, насгьы иҳәеит ҳаамҭазтәи аԥсуа ашәақәа рҵыхәала игәы иаанаго.
Ҭырқәтәылантәи шықәсқәак раԥхьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа иааз Еркәыт Аӡынба игәҭахәыцрақәа.
Хәажәкыра 23 1993 шықәса рзы Аԥсны иаԥҵан арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аҳәаанырцәтәи аԥсуа диаспареи ҳҳәынҭқарреи реизыҟазаашьақәа рырҿиаразы. Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Леонид Чамагәуа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны адемографиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы Арепатриациа аминистрра лшарас иаҭатәу ҳәа ииԥхьаӡо атәы.