Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 14461-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13517-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 222-ҩык.
Тҟәарчал акоммуналтә усбарҭа аиҳабы Резо Гоԥиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны иҭахаз рыхьӡала игылоу абаҟаҿы Аиааира ду аныҳәа аламҭалазы имҩаԥырго аусурақәа ртәы, Керч хабарда ибжьаӡыз иаб иашьа иҭоурых.
Аԥсны, Ҟрым, Краснодартәи атәылаҿацә, Ленинградтәи, Ростовтәи, Москватәи аобластқәа, Карелиа, Алтаи еиҳа иалыркаауа ахырхарҭақәа рреитинг иаҵанакуеит.
Аԥсны Апрокуратура хада азакәанԥҵара анагӡаразы аусбарҭа имҩаԥнагаз агәаҭарала ишьақәыргылан аҳәынҭқарратә ԥара ахатәтәра шымҩаԥгаз.
Ҳабнақәа рҭагылазаашьа, ахылаԥшра ахьынӡарымоу, рыхьчаразы нагӡатәы хадақәас иҟоу - абарҭ арадио Sputnik аҿы ирыхцәажәеит аҵарауаҩ-абиолог, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩ Сергеи Бебиеи Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра абнахылаԥшҩы еиҳабы Ҭенгиз Џьергениеи.
Адокумент иашақәа рыда аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысуа 200 000 мааҭ ахараԥса рықәырҵоит ма ҩышықәса рҟынӡа мчылатәи аусура рыдырҵоит, ма иара убри аамҭала ҭакрала ирхыргароуп.
Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа арубрика "Жәлар рдоуҳәа" аҿы еиҭалҳәеит амшаԥныҳәа аамҭазы аԥсуаа имҩаԥыргоз ақьабзқәа ртәы.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров МИА "Россия сегодня" аиҳабы Дмитри Киселиов аинтервиу РИА Новости аҿы ианииҭоз, далацәажәеит Донбасс иҟоу аҭагылазаашьа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҭагылазаашьа излареиԥшым.
Акциа "Абиблиоҵхы. Ашәҟәқәа рыла аеҵәақәа рахь" азырхоуп ауааԥсыра ашәҟәы радԥхьалара. Раԥхьаӡа акәны уи еиҿкаан 2017 шықәса лаҵарамзазы.
Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду Аиааира 76 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Аԥсны имҩаԥысуеит аҽырыҩрақәа. Урҭ шеиҿкаахо атәы, насгьы иалахәхо акомнадақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аҽыбӷаҟазара афедерациа ахада Милор Шәлымба.
Тҟәарчал араион ахадараҿы Урыстәылатәи аҳәаанырцәтә тәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахразы ауааԥсыра рыдыркылоит.
Сынтәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭиразы инашьҭхар алшоит зықь тонна инареиҳаны аҵыҵындра.